Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҧсны Ахада иҟнытә Адырра амш адныҳәалара

01.09.2016

Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны аҵаҩцәеи, астудентцәеи, арҵаҩцәеи Адырра амш рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны, лымкаала, иҳәоуп:

Акыр иаҧсоу аҵаҩцәа, астудентцәа, арҵаҩцәа!

Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит Адырра амши аҵарашықәс алагамҭеи.

Цәыббра 1 – ҧхьаҟа, агәыҕра лашақәа, агәҭак бзиақәа рахь иуҧхьо ныҳәа ссируп.

Абри амш аҽны аҵәҵәабжьы гоит актәи акласс аҿы иааиз ахәыҷқәа рзы, урҭ адыррақәа рылашарала, аартра џьашьахәқәа рыла, аиҩызарала иҭәу аҧсҭазаара ҿыц ахь ршьапы еихыргоит. Аҿар ибзианы аҵара рҵалароуп, адырра ҿыцқәа рҳаны рхықәкқәа рынагӡара иашьҭазароуп, аҳәынҭқарра уи азы аринахысгьы алшарақәа рзаҧнаҵалоит. Аҵарадырра змоу ауаажәларроуп иахьатәи аамҭа иқәнаргыло азҵаарақәа рыӡбара зылшо.

Игәазырҳагоу ари амш аҽны ҳара гәахәарыла ҳрыдныҳәалоит акыр иаҧсоу арҵаҩцәа, иреиҳау аҵараиурҭақәа рыҟны аус зуа апрофессортә-рҵаҩратә еилазаара, зхы-зыҧсы, зымч –зылша, зҧышәа аҵара змоу абиҧара ҿа – ихьыҧшым Аҧсны аҳәынҭқарра атәылауаа разыҟаҵара, рааӡара иазызкуа.

Ҳтәылаҟны иахьа аҵара зҵо аҵаҩцәа зегьы ирзеиҕьасшьоит агәабзиара, адырра ҿыцқәа риураҟны агәазыҳәара дуи аихьӡарақәеи, аманшәалареи, аҳаҭыреиқәҵареи. Шәырҵаҩцәа рааҧсара шәаҧсахааит.

Мҩамш адыррақәа раҳакырахь!


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org