Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ирдырра

17.08.2016

Нанҳәамза 17 рзы Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ҿыц Аслан Кобахиа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр аколлектив дыдирдырит.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ҿыц ддырдыруа, Ахада иазгәеиҭеит ҧасатәи анапхгаҩы иаан имҩаҧгаз аусура ишацҵахо.

«Сгәы иаанагоит ари ауаҩы Леонид Иури-иҧа иеиҵаны дырдыруам ҳәа. Урҭ аҩыџьагьы аибашьра ашьҭахь ауеицура еицалагахьан. Усҟангьы аҭагылазаашьа мариаӡамызт. Сгәы иаанагоит уаанӡа имҩаҧгаз аусура иацҵахоит ҳәа, алҵшәақәагьы еиҕьхоит ҳәа», - иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

«Аанҿаcшьа ҳамаӡам. Имариаӡам шәаргьы ҳаргьы ҳаҧхьаҟа ишьҭоу аусқәа, исҭахуп имҩаҧысуа апроцессқәа рыҟны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иаду аҭакҧхықәра аилкааара ыҟазарц», - иҳәеит Ахада.

Рауль Ҳаџьымба иаликааит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусураҟны ихадароу аганқәа. Зегь раҧхьа игылоуп, Ахада игәаанагарала, арҩышьыга маҭәашьарқәа рыларҵәара аҿагылара.

«Арҩышьыгақәа рылазырҵәо – ацәгьоуцәа раҧхьа дгылоуп. Ари знапы алаку ауаа ирҿагылатәуп аҩаӡара ҳаракы аҟны ихагаланы. Ари аминистргьы аколлективгьы рҿаҧхьа иқәгылоу уснагӡатәны иҟоуп», - иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

Ахада иара убас иаҵшьны иҳәеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра акадртә политика азанааҭтә ҷыдарақәа шьаҭас ишрымазаракәу, хаҭалатәи аизыҟазаашьақәа ракәымкәа.

Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит Аминитр ҿыц иҿаҧхьа иқәгылоу аҳасабтәқәа рахьтә акырӡа шаҵанакуа амҩақәа рыҟны иҟоу аҭагылазаашьа. Ҳаџьымба иазгәеиҭит аҵыхәтәантәи аамҭазы аҭагылазаашьа шеицәахаз. «Иҟаҵаз маҷӡам, аха аамҭа кьаҿк ала амҩаҟны иҟалаз ахҭысқәа ирыхҟьаны иҭахаз даара ирацәоуп», - иҳәеит Ахада.

Рауль Ҳаџьымба иаҵшьны иҳәеит ААР аусураҟны аполитика ҭыҧ шамамзаракәу, амчқәа зегьы уи аҿаҧхьа иқәгылоу азҵаарақәа рыӡбара ишазкызаракәу.

Аҳәынҭқарра ахада иҳәеит Леонид Ӡаҧшьба иусура аҳәынҭқарратә еилазаарақәа рыҟны ишацҵахо, аха даҽа уск аҿы.

«Леонид Иури-иҧа хара дымцаӡеит. Уи идыррақәа нагӡаны хархәара ахьроуа аҭыҧ аҟны дҟалоит. Ҳаҧхьаҟа иҟаҵатәны иҟоу рацәоуп», - иҳәеит Ахада.

Ҧасатәи аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Леонид Ӡаҧшьба иколлегаҵәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит русеицуразы, Аслан Кобахиа идиныҳәалеит аусбарҭа ахадас иаҭара.

«Сҩыза, сколлега идысныҳәалоит, шәара шәидгыларц сҭахуп. Ахада Рауль Џьумка-иҧа ишиҳәаз еиҧш, сара џьаргьы сымцаӡеит, иӡбатәны ҳаҧхьа ишьҭоу рацәоуп, урҭ еицаҳаӡбалароуп», - иҳәеит Леонид Ӡаҧшьба.

Аслан Кобахиа Ахада иҭабуп ҳәа иеиҳәеит агәрагара ииҭаз азы. Иҳәеит идҵоу аҭакҧхықәра аҵакы шеиликаауа, илшо зегьы шыҟаиҵо ААР иадҵоу ауснагӡатәқәа рынагӡаразы.

«Ҳаҭыр зқәу Ахада, ҳаҭыр зқәу Акомандаҟаҵаҩ хада, сара ибзианы еилыскаауеит исыдҵоу аҭакҧхықәра», - иҳәеит Кобахиа.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org