Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Ипресс-маҵзура аҳәамҭа

10.07.2016

Ҧхынгәымза 9 рзы Аоппозициатә мычқәа рыблок амассатә информациа хархәагақәа рыҟны ареферендум мап шацәнакуа ала рылаҳәаны аҳәамҭа ҟанаҵеит.


Аҳәамҭаҟны, лымкаала, иҳәоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба ареферендум амҩаҧгаразы иақәнагаз аҭагылазаашьа аҧимҵаӡеит ҳәа.  

Ари ахарадҵара аҵабырг иацәыхароуп. Аиҳабыра амчрақәа аҭагылазаашьақәа зегьы аҧнаҵеит атәылауаа рхы иақәиҭны ргәазыҳәара аарҧшразы. Ари шьақәдырҕәҕәоит Алхратә комиссиа хада, анаҧшыҩцәа,  абжьыҭира апроцесс аазырҧшуа ажурналистцәа.

Аоппозициатә мычқәа рыблок  иҟанаҵо аҳәамҭаҟны даҽазныкгьы атәыла анапхгара аганахьала хархәара анаҭоит иконструктивтәым акритика, Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба иганахьала амц фактқәа, ахарадҵара, дызлаҟам ала ихцәажәара.   

Уи инаваргыланы, аоппозициа Аҧснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыраҟны аефир ахь инашьҭымызт ҳәа  иҟанаҵо ахарадҵара иара убас ииашаӡам. Аоппозиции изныкымкәа ас еиҧш алшара аман, уи иара мап ацәнакуан умҳәозар.
  
Амц харадҵара, аҵабырг аилагара аоппозициа ҟазшьаны ишьҭнахит. Гәыҧҩык аоппозициа ахаҭарнакцәа  лыҵшәада ажәлар ирыдыргало  асубиективтә гәаанагара изышьақәымгылаз аоппозициатә мычқәа ажәлар рыҟнытә агәрагара шрымам атәы аҳәоит.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org