Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Гала араион ахь аусуратә ныҟәара

28.06.2016

Рауль Ҳаџьымба Гала араион даҭааит усуратә визитла.

Аҳәынҭқарра Ахада дахәаҧшны ибеит Гал араион Аладатәи азонеи араионтә центри еимаздо амҩа.

Рауль Ҳаџьымба ахә ҳаркны ишьеит амҩа аиҭашьақәыргыларазы имҩаҧгаз аусурақәа.

Гал араион аусбарҭа ахада инапынҵақәа назыгӡо Ҭемыр Надараиа ақыҭауаа ирылеиҳәеит хара имгакәа Гал араион Аладатәи азонеи арионтә центри рыбжьара автобус аныҟәара ишалаго.

Ахада ицәажәараҿы иҳәеит атәыла анапхгара Егры аӡиас ахысразы иацҵаны иҟаҵаз аужьратә пунктқәа раркреи Агәаҭара аужьратә пункт “Егры” аҳәаахьчаратәи аҳазалхратәи еилазаара аусура арҕәҕәареи рзы аӡбамҭа шрыдыркылаз.

Аҳәынҭқарра ахада иара убас даҭааит ақыҭақәа Ҳашҭеи Бчареи, дахәаҧшны ибеит Аҧсны, Бчара ақыҭаҿы иҟоу Урыстәыла Афедералтә Шәарҭадара Амаҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭа аҟәша.

Анаҩс Ахада Бчара ақыҭауаа дырҧылеит. Ақыҭауаа Рауль Ҳаџьымба изеиҭарҳәеит ргәы иҵхоз азҵаарақәа.

Атәылауаа аҳәынҭқарра ахада иҭабуп ҳәа иарҳәеит иҟаз ауадаҩрақәа рыӡбара ахьалыршаз, араицентр аҟынӡа амҩа ахькьаҿхаз азы.

Ақыҭуаа рзинтә статус, иара убас анхареи аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысреи рзы азин рызҭо адокумент иазҵааит. Рауль Ҳаџьымба иҳәеит Жәар Реизарахь Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны ииз, иааиҧмырҟьаӡакәа инхо атәымтәылауаа анхаразы азин рызҭо адокумент аиура азҵаара аӡбара иазку ажәалагалақәа шыҟаиҵаз.

Ахада иаҵшьны иҳәеит атәыла анапхгара Гал араион ауааҧсыра атәыла аекономикатәи асоциалтә-политикатәи ҧсҭазаара раларҵәаразы аҭагылазаашьа аҧҵара ишаҿу. «Гәахәароуп аҧсҭазаара есааира аиҕьхара иахьаҿу – уи ус шакәу атәы аҳәоит ааигәа иҟаҵаз амҩа. Ҳара аҧхьаҟагьы шәраион ацхыраара аҳҭалоит излауала», - иҳәеит иара.

Гал араион Аусбарҭа ахада инапынҵақәа назыгӡо Ҭемыр Надараиа иазгәеиҭит раҧхьаӡакәны аҳәынҭқарра Ахада Бчара ақыҭа ауааҧсыра рҧылара шымҩаҧиго.

Ахада иара убас дахәаҧшит аӡеизгарҭеи Егры Афымцастанциа – Гал 1 ашҟа ицо амҩа ҿыци.

Рауль Ҳаџьымба иусуратә ныҟәараан ицын Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Беслан Барцыц, Гал араион аусбарҭа ахада инапынҵақәа назыгӡо Ҭемыр Надараиа.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org