Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Москваҟа усуратә визитла

11.06.2016

Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Москва днеит усуратә визитла.

Авизит аҳәаа иҭагӡаны Ахада имҩаҧигоит аиҧыларақәа жәпакы. Урҭ рхыҧхьаӡараҟны иҟоуп Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аҧсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа, иара убас иара адгылара зиҭо конкур азы иаарту аицлабрақәа “Аҧсны акубок”.

Иахьа аҳәынҭқарра ахада дыҟан Урыстәыла Ахада изку аҧхьахә агаразы аҽырыҩрақәа рыҟны. Аҽырыҩрақәа ирылахәхоит Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьӡала иқәгыло аҽырыҩцәа.

Аҽырыҩрақәа данрыхцәажәоз, Рауль Ҳаџьымба Аҧснытәи аҳәынҭқкарратә телераидоеилахәыра акорреспондент данлыҿцәажәоз иазгәеиҭеит ҳтәыла ахаҭарнакцәа асеиҧш иҟоу аицлабрақәа иахьрылахәу иамоу аҵак ду: "Ас еиҧш иҟоу аусмҩаҧгатәқәа рыҽрылархәраан Аҧсны ари аспорт хкы аҟны иамоу аихьӡарақәа аанарҧшуеит. Уи иалахәу ҳара ҳхаҭарнакцәа ирыбзоураны иара жәларбжьаратәи астатус аанахәоит", - иаҵшьны иҳәеит Ахада. "Гәахәароуп иахьа Москватәи Аҽырҩырҭа хадаҟны ҳҳәынҭқарратә бираҟ шәыршәыруа иахьықәгылоу. Агәра ганы сыҟоуп аҧхьаҟа иҵегьы иеиҳау алҵшәақәа раарҧшра шрылшо ҳҽырыҩцәа” , - иациҵеит Рауль Ҳаџьымба.

Урыстәыла Ахада изку аҧхьахә агаразы аҽырыҩрақәа рыҟны иҟан Аҧсны Абаҩрҵәыреи аспорти рзы аҳәынҭқкарратә еилакы Ахантәаҩы Баграт Хәытаба, Урыстәыла иҟоу Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҷыдалкаатәи Азинмчзмоуи Аҧсны Ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба, Аҧсны Амилаҭтә олимпиатә еилакы ахантәаҩы Валери Аршба.

Аҳәынҭқарра ахада иара убас иҳәеит ишымҩаҧысыз урыстәылатәи арегионқәа рнапхгаҩцәа рҧылара, иара убас аҩадакавказтәи ареспубликақәа рхадацәа налаҵаны.

Рауль Ҳаџьымба дицуп Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Беслан Барцыц.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org