21.05.2016
Аҟәа, 10.00
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Урыстәыла Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу Имшира идиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны лымкаала иҳәоуп:
"Ҳара ҳажәлар ирхашҭӡом ахәгьы ҳаракны иршьоит 1992-1993-тәи ашықәс хьанҭақәа раан Шәара иҟашәҵоз ацхыраара атәы. Ҳара ҳаҭыр ду ақәаҳҵоит Шәара аҧсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа рырҿиареи рырҕәҕәареи рыҟны шәлагаламҭа.
Сара гәыҩбарада агәра згоит ҳтәылақәа ртәылахьчаратә усбарҭақәа лҵшәабзиала русеицура Нхыҵкавказ аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи рзы акрызҵазкуа лагаламҭаны ишыҟало".