Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Рауль Ҳаџьымба Тҟәарчал Амш иазку аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа дрылахәуп

09.04.2016

Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Тҟәарчал ақалақь амш иазку аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа дрылахәуп.

Ахада ицуп Тҟәарчал араион аусбарҭа Ахада Аида Чачхалиаҧҳа, Аҧсны амилаҭтә Олимпиатә еилакы Ахада Валери Аршба, Жәлар Реизара адепутатцәа Кан Кәарҷиеи Таифун Арӡынбеи.

Аҳәынҭқарра ахада ашәҭқәа шьҭеиҵеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Арӡынба ибаҟа амҵан, Ахьӡ-аҧша аллеиаҟны Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз ргәалашәара ахьӡала дхырхәеит.

Тҟәарчал ақалақь амш иазкыз аусмҩаҧгатә аҟны иқәгылараан Ахада далацәажәеит иқалақь гәакьа хьӡи-ҧшеи змоу аҭоурых, иҳәеит уи аҧеиҧш бзиа шамоу азы агәыҕра шимоу атәы. "Ҳара иаадыруеит Тҟәарчал иахьа аҭагылазаашьа шыуадаҩу. Аха атәыла анапхгара иалшо зегьы ҟанаҵоит шәаргьы ҳаргьы ҳақалақь ҳтәылаҟны иҿиоу, иеизҳазыҕьо ақалақьқәы ируакны иҟаларц азы", - иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

Тҟәарчал ақалақь амш азы ҳамҭак аҳасабала Ахада ицхыраагӡатә фонд аҟнытә иазоужьын миллионки бжаки ақалақь аиҿкааратә усурақәа рзы.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org