04.04.2016
Аҧсны Ахада Иусбарҭаҟны имҩаҧысит Аҧсны Жәлар рартист Шьалуа Гыцба “Ахьӡ-аҧша” аорден II аҩаӡара ианашьара иазкыз аусмҩаҧгатә.
Аорден анашьаразы Аусҧҟа инапы аҵаиҩт Аҧсны Ахада 2016 шықәса хәажәкыра 31 рзы.
Аҳәынҭқарра ахада ахә ҳаракны ишьеит Шьалуа Гыцба атеатртә ҟазараҟны илагаламҭа. «Шәара инашәыгӡо арольқәа Аҧсны ибзианы ирдыруеит. Сгәы иаанагоит ари ажәабжь гәахәарала ирыдыркылап ҳәа. Аҳәынҭқарра аганахьала иақәнагоу аҭагылазаашьа аҧаҳҵалоит атеатр ҿиаларац азы», - иҳәеит Ахада.
Рауль Ҳаџьымба иаҵшьны иҳәеит Шьалуа Гыцба иеиҧш абиҧара еиҳабацәа атеатртә ҟазараҟны аҧхьатәи ашьаҿақәа ҟазҵо аҿар рзы иҿырҧшыганы ишыҟоу, урҭ адгыларагьы шрырҭо.
Шьалуа Гыцба Ахада иҭабуп ҳәа иаиҳәеит аҳәынҭқарра анапхгара аганахьала иҟазара иаҭоу азҿлымҳаразы, иаҵшьны иазгәеиҭеит аорден «Ахьӡ-Аҧша» - аҭакҧхықәра ду шиднаҵо
Аорден анашьара аусмҩаҧгатә иалахәын Акультуреи, аҵарадырреи, аҵараиуреи рзы Ахада Иабжьгаҩ Владимир Занҭариеи Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рзы аминистр Ельвира Арсалиаҧҳаи.