Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа арҽеира алагалоуп

Хәажәкыра 29, 2016 шықәсазы Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит "Ани имиц ахшареи рыҧсҭазаара аҳәынҭқарра аганахьала ахьчаразы” Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа арҽеирақәа ралагаразы Аконституциатә закәан.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа арҽеирақәа ралагаразы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан 2 ахы хаҭәаахоит анаҩстәи аҵакы змоу ахәҭаҷ 13 ала:

" Ахәҭаҷ 131. Аҧсны Аҳәынҭқарра иазханаҵоит аҭаацәаратә ҧсҭазаара хра злоуи кьыс змами ак акәны, ихадароуи ихьыҧшыми аиҿкаара аҳасабала уи ахьчареи арҕәҕәареи рзы аусмҩаҧгатәқәа нанагӡоит. Аҳәынҭқарра еиҟараны иахьчоит ани имиц ахшареи рыҧсҭазаара».

Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа арҽеирақәа ралагаразы Аконституциатә закәан рыдыркылеит Аҧсны Жәлар Реизараҟны хәажәкыра 21, 2016 шықәсазы.


Возврат к списку