Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Урыстәыла Ахада Владимир Путин идышшылара

19.03.2016

Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин дидышшылеит Ростов-на-Дону икаҳаз аҳаирплан иахҟьаны ауаа рҭахара инамаданы.


Адышшыларатә цҳамҭаҟны, лымкаала, иҳәоуп:

"Гәалсрыла сшәыдышшылоит Ростов-на-Дону иҟалаз авиациатә катастрофа инамаданы.

Шәхьаа шәыцеиҩшо, аҳәара ҟасҵоит иҭахаз рҟынӡа инагазарц иҟасҵо адышшылара.

Аҧсны жәлар гәалсрыла ирыдышшылоит, рхьаа рыцеиҩыршоит урыстәылатәи ажәлар зегьы".


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org