Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Рауль Ҳаџьымба «Аҭынчреи асоциалтә қәнагеи рзы» Анацәа рхеидкыла 20-шықәса ахыҵра инамаданы иҟаиҵаз Ааҧхьара

04.11.2015

Ахада Рауль Ҳаџьымба «Аҭынчреи асоциалтә қәнагеи рзы» Анацәа рхеидкыла 20-шықәса ахыҵра инамаданы Ааҧхьара ҟаиҵеит.

Ааҧхьараҟны иҳәоуп:

"Ҳаҭыр зқәу Аҧсны анацәа Аҧсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра амыҟәмабарақәа зегьы зхызгаз патриоттә еидгыларакны рҽеидкыланы, ари ауаажәларратә еиҿкаара аибашьрашьҭахьтәи ашықәс хьанҭақәа раан аҳәынҭқарра ацхыраара ду арҭон ауаажәларра ргәышьҭыхраҟны.

Анацәа рхеидкыла зҿлымҳара ду рырҭон иҭахаз рҭаацәарақәа, аҳәынҭқарра аҿаҧхьа иқәнаргылон аибашьра аҧхасҭа знаҭаз ҳтәылауаа рсоциалтә хьчара иадҳәалаз азҵаарақәа. Лымкаала уи иҟанаҵаз ахылаҧшра иабоураны иалшаз рацәоуп ҳтәыла зҭагылаз аблокада аан.

20 шықәса – Ҳаҧсадгьыл азы ҧышәара дуны имҩаҧысит. Абарҭ ашықәсқәа зегьы раан агәаҟра иақәшәаз анацәа ҳҳәынҭқарра аргылара, зықьҩыла Аҧсны арҧарцәеи аҭыҧҳацәеи рхы зқәырҵаз уи аҧеиҧш лашаҟны злагаламҭа дууз аҧхьагылаҩцәа ирыдгылан".

Ҳаҭыр зқәу Аҧсны анацәа Аҧсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра амыҟәмабарақәа зегьы зхызгаз патриоттә еидгыларакны рҽеидкыланы, ари ауаажәларратә еиҿкаара аибашьрашьҭахьтәи ашықәс хьанҭақәа раан аҳәынҭқарра ацхыраара ду арҭон ауаажәларра ргәышьҭыхраҟны.

Анацәа рхеидкыла зҿлымҳара ду рырҭон иҭахаз рҭаацәарақәа, аҳәынҭқарра аҿаҧхьа иқәнаргылон аибашьра аҧхасҭа знаҭаз ҳтәылауаа рсоциалтә хьчара иадҳәалаз азҵаарақәа. Лымкаала уи иҟанаҵаз ахылаҧшра иалшаз рацәоуп ҳтәыла зҭагылаз аблокада аан.

20 шықәса – Ҳаҧсадгьыл азы ҧышәара дуны имҩаҧысит. Абарҭ ашықәсқәа зегьы раан агәаҟра иақәшәаз анацәа ҳҳәынҭқарра аргылара, зықьҩыла Аҧсны арҧарцәеи аҭыҧҳацәеи рхы зқәырҵаз уи аҧеиҧш лашаҟны злагаламҭа дууз аҧхьагылаҩцәа ирыдгылан Агәра згоит Аҧсны афырхаҵа иан - Гәули Михаил-иҧҳа Кьычҧҳа напхгара зылҭо «Аҭынчреи асоциалтә қәнагеи рзы» Анацәа рхеидкыла аринахысгьы Ҳаҧсадгьыл аиҭеира иазку иҧшьоу аус ишазааҧсало.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org