Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада далахәын “Аҧсуааи абазақәеи: абызшәақәа реиқәырхареи рыҿиареи рзы алшарақәеи аҭоурых-культуратә ҭынхеи” захьӡыз аишәа гьежь

08.10.2015

Рауль Ҳаџьымба далахәын Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемеи икоммерциатәым аиҿкаара «Алашареи» иеиҿыракааз жәларбжьаратәи аишәа гьежь “Аҧсуааи абазақәеи: абызшәақәа реиқәырхареи рыҿиареи рзы алшарақәеи аҭоурых-культуратә ҭынхеи” аусура.

Аишәа гьежь иалахәыз рҿаҧхьа дықәгыло, Ахада иазгәеиҭеит жәлар рҭынха, лымкаала, аҧсуа бызшәа аиқәырхаразы иҟаҵоу аҽазышәарақәа рҵакы ду. «Ҳара ҳбызшәа ҧеиҧш аиуӡом ҳхаҭақәа ҳалацәажәо ҳалагаанӡа. Уи ҳара ҳада аӡәгьы изеиқәырхаӡом»,- иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

Ахада ахә ҳаракны ишьеит абызшәа аиқәырхара иазкны аусмҩаҧгатә еиҿызкааз иҟарҵо аҽазышәарақәа, насгьы иазгәеиҭеит аҳәынҭқарратә бызшәа аус аҟны иҳәынҭқарратәны ишыҟазаракәу.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org