Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҧсны Арбџьар Мчқәа Рымш иазкыз аныҳәатә еизара

11.10.2015

Аҟәа, 14.00

Ахада Рауль Ҳаџьымба далахәын Аҧсны Арбџьар Мчқәа раҧҵара 23 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә еизара.

Аизара иалахәызз рышҟа иҟаиҵаз ааҧхьараҟны Атәылахьчара аминистр Мираб Қьышьмариа иазгәеиҭеит, Аҧсны Арбџьар Мчқәа раҧҵара аҳасабтә ӡбатәны иқәгылеит иуадаҩыз ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьаан, ақырҭуа агрессиа анымҩаҧысуаз аамҭазы. Атәылахьчара аминистр иажәахә аҟны иҳәеит Арбџьар Мчқәа иахьатәи аҭахрақәа зегьы ирықәшәо реиҭашьақәыргылара апроцесс шымҩаҧысуа атәы. Уи анапхгара рҟынӡа инеигеит, шамахамзар, ишхыркәшоу Арбџьар Мчқәа рырҿыцра Аплан анапаҵаҩразы азырхиара аус. «Ҳара ҳарра-политикатә усеицураҟны ихадараны иҟоу рыҩныҵҟа ҧыжәара аҳҭоит Урыстәылатәи АФедерациа –игәрагоу партниорс, стратегиатә ҩызасгьы иҳамоу иароуп", - инаҵшьны иазгәеиҭеит Мираб Қьышьмариа.

Аныҳәатә еизара иалахәыз минуҭктәи аҿымҭрала Аҧсадгьыл ахақәиҭра зхы ақәызҵаз аибашьцәа ргәаладыршәеит.

Рауль Ҳаџьымба адныҳәалара иазкыз иқәгылараҟны иазгәеиҭеит:

"Аҧсны Аҳәынҭқарра – аҭынч ҧсҭазаара иашьҭоу демократиатә ҳәынҭқарроуп. Ҳара аӡәгьы ҳиқәмақаруам, амч ахархәарагьы ҳашьҭаӡам. Аха иахьатәи адунеи аҟны иҟоу ашәарҭарақәа маҷӡам. Убри аҟнытә Ҳарбџьар Мчқәа Аҧсны амилаҭтә шәарҭадареи иҭышәынтәаланы аҿиареи алзыршо мчны иҟоуп.

Ҳар ахаҭабзиара арҿыцра иазку аусура, хымҧада, иацҵатәуп. Уи иахьатәи аҭахрақәа ирықәшәозароуп, атәылахьчара алшартә, иҳараку астратегиатә, атактикатә лшарақәа амазароуп. Иахьа аҧсуа-аурыс арратәи аибашьра-техникатәи усеицура аиҿкааразы имҩаҧысуа аусурақәа иара убас арҭ ахықәкқәа рынагӡара иацхраауеит".

Шәахәаҧш иара убас:

Аҧсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа Рымш адныҳәалара

Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Ар аррамаҵзуҩцәа Аҧсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа Рымш рыдиныҳәалеит.

Алада иануп Ахада иҟаиҵаз адныҳәалара атекст хаҭәааны.

* * *

Акыр иаҧсоу аинралцәеи аофицерцәеи, асолдаҭцәеи аматросцәеи!

Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа Рымш.

Ҳара Ҳар – аиааира агара зылшаз ар – шьақәгылеит аибашьраан, ақырҭуа агрессиа иаҿагыланы хацәнмырха ақәҧараан. 1992 шықәса инадыркны Аҧсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылара иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп Арбџьар Мчқәа рышьақәыҕәҕәареи рыҿиареи.

Хьӡи-ҧшеи рыла шәара ишәылшеит ҳтәыла ахақәиҭреи ахьыҧшымреи раагара, ҳажәлар адунеи аныӡаара иацәышәыхьчеит, аҵыхәтәанынӡа инашәыгӡеит шәнапы ианыз ахақәиҭтәратә миссиа.

Рыхьӡ кашәара ақәӡам Аҧсны ахақәиҭреи ахьыҧшымреи зхы ақәызҵаз Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа. Аҧсны Аҳәынҭқарра – аҭынч ҧсҭазаара иашьҭоу демократиатә ҳәынҭқарроуп. Ҳара аӡәгьы ҳиқәмақаруам, амч ахархәарагьы ҳашьҭаӡам. Аха иахьатәи адунеи аҟны иҟоу ашәарҭарақәа маҷӡам. Убри аҟнытә Ҳарбџьар Мчқәа Аҧсны амилаҭтә шәарҭадареи иҭышәынтәаланы аҿиареи алзыршо мчны иҟоуп.

Ҳар ахаҭабзиара арҿыцра иазку аусура, хымҧада, иацҵатәуп. Уи иахьатәи аҭахрақәа ирықәшәозароуп, атәылахьчара алшартә, иҳараку астратегиатә, атактикатә лшарақәа амазароуп. Иахьа аҧсуа-аурыс арратәи аибашьра-техникатәи усеицура аиҿкааразы имҩаҧысуа аусурақәа иара убас арҭ ахықәкқәа рынагӡара иацхраауеит.

Агәра ганы сыҟоуп, Аҧсны аруаа аринахысгьы ҳтәылауаа рҭынчнхареи, Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымреи, амилаҭтә интересқәеи рыхьчаразы ишгылоу.

Ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, аманшәалара, Аҧсадгьыл ахьчара иазку шәмаҵзураҟны аихьӡара ҿыцқәа.

Рауль Ҳаџьымба


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org