ЖӘАС аекипаж урыстәылатәи акомандаҟаҵаҩы Ахада Ахьыҧшымра амш идиныҳәалеит

ЖӘАС аекипаж урыстәылатәи акомандаҟаҵаҩы Ахада Ахьыҧшымра амш идиныҳәалеит

Жәларбжьаратәи акосмостә станциа урыстәылатәи аекипаж акомандаҟаҵаҩы акосмонавт Сергеи Волков аҭыҧаҟнытә Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Ахьыҧшымра Амш идиныҳәалеит.

Ишиашоу аорбитаҟнытә имҩаҧысуа аҭелтә еиҿцәажәараан Сергеи Волков Ахадеи Аҧсни жәлари ирзеиҕьеишьеит аҭынчра, аизҳазыҕьара.

Рауль Ҳаџьымба акосмонавт иҭабуп ҳәа иеиҳәеит, иаргьы ЖӘАС аекипаж зегьи ирзеиҕьеишьеит имариам русураҟны ақәҿиарақәа, Адгьыл ахь маншәаларыла ахынҳәра, иара убас Аҧсны аҭааразы ааҧхьара ииҭеит.


Возврат к списку