Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Болгариеи Балкантәи арегион атәылақәа рыҟны Аҧсны ААР ихаҭарнак Мерсан-Маршьан

29.09.2015

<p>Рауль Ҳаџьымба дидикылеит Болгариеи Балкантәи арегион атәылақәа рыҟны Аҧсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Амчнаӡазмоу Ахаҭарнак Омер Мерсан-Маршьан.

<p>Аиҧылараан ирылацәажәан арегион аҟны Аҧсны адәныҟатәи аполитика анагӡара иазку азҵаарақәа.

<p>Омер Мерсан-Маршьан аҳәынҭқарра Ахада иҟынӡа инеигеит имҩаҧысуа аусура атәы, лымкаала, ахәаахәҭра-ааглыхартә палатеи абизнес-уаажәларра ахаҭарнакцәеи рганахьала ишьақәгылаз   аимадарақәа ртәы.  Уи иазгәеиҭеит Аҧсны ашҟа аинвсетрцәа иаадырҧшуа азҿлымҳара атәы.  Убри адагьы, Мерсан-Маршьан дырзааҭгылеит аусураҟны ицәырҵуа ауадаҩрақәа ртәы,  раҧхьа иргыланы, Кырҭтәыла Аҧсны иаҿагыланы аҳәаанырцә ҳхаҭарнакцәа русура иаҧырхагахааразы имҩаҧнаго апропаганда инадҳәаланы. Уи иҳәеит, убас шакәугьы, аимадарақәа рышьақәыргыларазы аусура гәацҧыҳәарала ишымҩаҧысуа.  

<p>Рауль Ҳаџьымба дазааҭгыланы иҳәеит, Аҧсны иахьаҵанакуа аҳәаанырцәтәи аинвесторцәа русуразы иеиҕьу аҭагылазаашьақәа раҧҵара шаҭаху атәы.    «Ҳара ибзианы иеилаҳкаауеит ҳхьыҧшымра азхаҵаразы аӡбамҭа адкылара иацу ауадаҩрақәа, инарҭбааны жәларбжьаратәи азхаҵара апроцессгьы лассы имҩаҧысуеит ҳәа ҳазыҧшӡам», - иҳәеит Ахада.   Уи иацҵаны иҳәеит, Аҧсназы акры шаҵанакуа агуманитартәи аекономикатәи еимадарақәа.  

<p>Аҳәынҭқарра Ахада ахә ҳаракны ишьеит Болгариеи Балкантәи арегион атәылақәа рыҟны Аҧсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Амчнаӡазмоу Ахаҭарнак иусура.  


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org