Алеко Гәарамиа ианашьоуп “Ахьӡ-Аҧша” аорден I аҩаӡара

Ахада Рауль Ҳаџьымба Иусҧҟала аҭҵаарадырраҟны жәларбжьаратәи азхаҵара зауз иналукааша илшамҭақәа рзы, Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны аҵараиура аҿиареи, зыквалификациа ҳараку акадрқәа разыҟаҵареи рыҟны хаҭала илшамҭа дуқәа рзы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет Аректор Алеко Алеқсеи-иҧа Гәарамиа ианашьоуп «Ахьдз-Аҧша» орден I аҩаӡара .

АУСҦҞА

А. А. Гәарамиа «Ахьӡ-Аҧша»

орден I аҩаӡара ианашьаразы

Аҭҵаарадырраҟны жәларбжьаратәи азхаҵара зауз иналукааша илшамҭақәа рзы, Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны аҵараиура аҿиареи, зыквалификациа ҳараку акадрқәа разыҟаҵареи рыҟны хаҭала илшамҭа ду азы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет Аректор Алеко Алеқсеи-иҧа Гәарамиа ианашьазааит «Ахьдз-Аҧша» орден I аҩаӡара.


Возврат к списку