Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Рауль Ҳаџьымба усуратә визитла Гәдоуҭа араион даҭааит

22.08.2015

Рауль Ҳаџьымба усуратә визитла Гәдоуҭа араион даҭааит

Аусуратә визит аан Ахада дицын Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Асҭамыр Ҭаниа.

Рауль Ҳаџьымба даҭааит аобиектқәа жәпакы, убарҭ рыҩныҵҟа иҟоуп Гәдоуҭа ақалақь анҭыҵ иҟоу абзазаратә црыҵқәа рыҟнытә ақалақьтә гәамсам шьҭаҵараҭа. Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит абзазаратә црыҵқәа реиҭахархәара иадҳәаланы иҟоу аҭагылазаашьа бааҧсы. "Ари апроблема шәара шәраион аҟны мацара акәӡам иахьыҟоу. Агәамсам анышә жны аҵәахрала апроблема ҳзыӡбаӡом, аҭыҧ алхны ацрыҵқәа рыхәҭак аус рыдулатәуп, иаанхо ишақәнагоу ала аиҭахархәарахь идәықәҵатәуп», - ҳәа иеиҳәеит Ахада Гәдоуҭа араион анпхгаҩы Руслан Ладариа.

Уи ашьҭахь Рауль Ҳаџьымба днеит Гәдоуҭа ақалақь ахәыҷбаҳчақәа рыҟны, лымкаала днеины ибеит 2012 шықәсазы Аҧсны асоциалтә-економикатә ҿиара ацхыраара иазку Акомплекстә план аҳәаа иҭагӡаны зыргылара иалагаз ахәыҷбаҳчақәа ҩба. Ахада ҷыдала гәцаракра аиҭеит аргыламҭақәа рышьаҟақәа ртехникатә ҭагылааашьа, аргыламҭа ашәарҭадара. Аргылареи архитектуреи рзы аҳәынҭқарратә усбарҭа адҵа аиҭеит аусурақәа аамҭа кьаҿла ихыркәшаны, ахархәара ишазхиоу ала алкаа азырхиаразы. «Шәара аргылаҩцәа хаҭала аҭакҧхықәра шәыдҵахоит аусурақәа рхаҭабзаиаразы. Шәарҭарак шыҟам агәра ганы ҳаныҟалоуп, арҭ аобиектқәа аусура ианалаҳарго», - иаҵшьны иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

Ахада даҭаан ибеит иара убас зеиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахыркәашарахь инеиз араионтә хәышәтәырҭа. Ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Игор Ҵәыџь иажәақәа рыла, араионтә хәышәтәырҭа иаҭаху амедицинатә мыругақәа рыхәҭак аиуит.

Ахада ақалақь аҟны ибеит даҽа обиектқәакгьы - Нестора Лакоба ихьӡ зху абжьаратәи ашкол, Тарнава имҩаҟны игылоу ауадарацәа змоу анхарҭа ҩны, араионтә нефттәбаза.

Рауль Ҳаџьымба Гәдоуҭа араион аҟны иҟазаара аихшьала ала араион аусбарҭаҟны аусуратә еилацәажәара мҩаҧигеит. Рауль Ҳаџьымба араион анапхгара анапы ианиҵеит аобиектқәа рзы инарҭбааны аматериал аздырхиарц, иара убас ахәыҷбаҳчақәа инарыдҳәаланы аусура ахыркәшаразы иаҭаху афинанс ашәагаа шьақәдыргыларц азы. Ахада иаҵшьны иҳәеит Гәдоуҭа араион аҟны ауадаҩрақәа шыҟоугьы, иацҵаны афинанстә лшарақәа шцәырҵыз, убрахь иаҵанакуеит Риҵатәи апарки Афонҿыцтәи аҳаҧи рхашәалаҟнытә иаауа, урҭ еиҳа ихадароу ауснагӡатәқәа рышҟа ицароуп ҳәа.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org