Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Иаҧҵоуп Аҳәынҭқарратә комиссиа 1992-1993 шш. Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатә Еибашьра аинвалидцәа рызҵаарақәа рзы

20.07.2015

Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит  1992-1993 шш. Аҧсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рызҵаарақәа рзы Аҳәынҭқарратә комиссиа аҧҵаразы Адҵа.

Акомиссиа анапы анаркуеит 1992-1993 шш. Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа  рсоциалтә ҭагылазаашьа аиҕьтәразы ауснагӡатәқәа разырхиара.  

Акомиссиа хантәаҩра азиуеит Ахада ихаҭыҧуаҩы Витали Габниа.

Акомиссиа аилазаараҟны иҟоуп:

Агрба Б.И. – 1992-1993 шш. Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа Аҳәынҭқарратә ибиуџьеттәым рфонд;
Гоов А.Н. – Аҧсны Агәабзиарахьчара аминистр;
Заде Л.Иу. – Аҧсны Ахада Иусбарҭа Аекономика анапхгараҭара абиуџьет аҟәша аиҳабы;
Инаҧшьба Р.А. – 1992-1993 шш. Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аинвалидцәа ррегионтә еиҿкаарақәа рхеилак ахантәаҩы;
Қәаранӡиа А.А. – Аҧсны Афинансқәа рминистр;
Керселиан С.А. – Аҧсны Аџьеи, аусурҭа амазаареи, социалла аиқәыршәареи рзы аминистр;
Қьышьмариа М.Б. – Аҧсны Атәылахьчара аминистр;
Чамагәуа Л.М. – Асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи рзы Жәлар Реизара Аилак ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩы.

Акомиссиа  иадҵоуп ажәалагалақәа аҿҳәара иахымгакәа нанҳәамза 17-нӡа рцәыргара.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org