Удмуртиатәи Ареспубликеи Аҧсни русеицура арҿиара

Ҳазҭоу ашықәс лаҵарамза алагамҭазы Ахада Рауль Ҳаџьымба усуратә визитла Урыстәылатәи Афедерациа Удмуртиатәи Ареспублика даҭааит.    
Ари авизит алҵшәақәа ируакны иҟалеит ахәаахәҭра-економикатәи акультуратәи усецуразы Амеморандум анапаҵаҩра. Уи рнапы аҵарҩит Удмуртиатәи Ареспублика Ахада Алеқсандр Соловиови Аҧсны Аҳәынҭқарра аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Дмитри Серикови.
Арҭ аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡараззы Удмуртиатәи аган аҧсуа ган иаднагалеит Удмуртиатәи Ареспубликеи Аҧсни 2015-2017 шықәсазтәи русеицура арҿиаразы апроект.

Аусмҩаҧгатәқәа разҧхьагәгаҭаҟны иарбоуп ҩ-ганктәи инарҭбааны аимадара иаҵанакуа азеиҧш проектқәеи ахырхарҭақәеи.  Иазгәаҭоуп иалкаау аусмҩаҧгатәқәа  жәпакы ахәаахәҭра-економикатәи аинвестициатәи усеицура арҿиара,  акультура, аҵараиура, аспорт, атуризм иадҳәалоу аҟәшақәа рыҟны аусеицуразы.  

Аҩ-ганкгьы еиҳа хырҩа арҭараны иҟоуп ахәаахәҭра-економикатәии аинвестициатәии усеицура арҿиара.  Иазгәаҭоуп ари аҟәшаҟны қәҿиарала аусеицура алыршаразы:   аекономикатә форумқәа – аекспертцәеи аминистрцәеи алархәны; on-line аҟны  ахәаахәҭра-економикатәи аинвестициатәи лшара ацәыргара; абжьараҿҳәара аҭаны 2015-2017 шш. рзы имҩаҧгатәу  ахәаахәҭра-економикатәи хырхарҭақәа рышьақәыргылара; анхамҩатә обиектқәа рыбжьара наҟ-ааҟ феида зоууа, аҧхьаҟа ҧеиҧш змоу аиқәшаҳаҭратә еизыҟазаашьақәа раҧҵара; Аҧсни Удмуртиеи рыбжьара Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатақәа рыбжьара аусеицура арҿиара,  иара убас Аҧсны Урыстәыла имҩаҧысуа ацәыргақәҵа-џьырмыкьатә, аҿыццәыргаратә усмҩаҧгатәқәа радҧхьаларазы зыда ыҟам алшарақәа раҧҵара.
  
Абри анаҩс Аусмҩаҧгатәқәа разҧхьагәаҭа апроект аҟны ҷыдала зҿлымҳара рыҭоуп Аҧсни  Удмуртиеи (Урыстәылатәи Афедерациа) рминистррақәеи русбарҭақәеи рыбжьара аҧышәеимдара азҵаарақәа. Имҩаҧгалахоит иеиуеиҧшым ақәрақәеи азанааҭқәеи змоу ауаа зҵазкуа агәыҳалалратә усеицура. Иазҧхьагәаҭоуп акультуратә, аҵараиуратә, амедицинатә, аспорттә ҟәша  аусзуҩцәа ирыдҳәалоу аиҧыларақәеи афорумқәеи.
  
Иазгәаҭоуп Аҧсни  Удмуртиеи (Урыстәылатәи Афедерациа) рыбжьара аинформациатә еимадара аиҿкаара. Ара иазгәаҭоуп аинформациа инадҳәаланы  ҩ-ганктәи аусура адагьы, Урыстәылеи уи анҭыҵи Аҧсны иазку иҵоуроу агәаанагара ашьақәыргылара иазку аинформациа аиҿкаара.  

Урыстәылатәи Афедерациа Удмуртиатәи Ареспубликеи  Аҧсни рыбжьара аусеицура арҿиара иазку  2015-2017 шш. Азҧхьагәаҭа рнапы аҵарыҩраны иҟоуп Удмуртиа 2015 шықәса жьҭаара 13 инаркны 16–нӡа имҩаҧысраны иҟоу Иеиду Жәларбжьаратәи афорум (II Жәларбжьаратәи абизнес-форум «Удмуртиа иҟоу абизнес-цҳаи» IV «Удмуртиатәи Ареспубликаҟны аинвесторцәа рымчыбжьи») рыҟны.
«Удмуртиатәи Ареспубликаҟны аинвесторцәа рымчыбжь» иаднаҧхьалоит Урыстәылатәи Афедерациа арегионқәа рхаҭарнацәа рыдагьы Австриа, Азербаиџьан, Германиа, Гана, Чехиа, Ҭырқәтәыла уҳәа  аҳәаанырцәтәи абизнесуаа. Ари афорум Аҧсны алшара Удмуртиеиҧш егьырҭ атәым тәылақәа рбизнес-уаажәларраҟны аарҧшаразы ҭагылазаашьа бзиоуп.


Возврат к списку