Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Зхы иақәиҭу ақәҧаразы Урыстәыла имҩаҧысуаз аицлабраҟны аиааира згаз Асланбек Гәарамиа иҧылара

17.06.2015

Аҟәа, 14.00

Рауль Ҳаџьымба дидидикылеит зхы иақәиҭу ақәҧаразы Урыстәыла имҩаҧысуаз аицлабраҟны аиааира згаз Асланбек Гәарамиа.

Ҳазҭоу ашықәс лаҵарамза анҵәамҭазы Урыстәыла, Иакутск ақ. аҟны имҩаҧысуаз зхы иақәиҭу ақәҧаразы аицлабраҟны Асланбек Гәарамиа ахьтәы медал игеит. Асланбек Гәарамиа идагьы аицлабра иалахәын ҳтәыла ахьӡ ҳаҭырла ицәырызгаз хҩык аҧсуа спортсменцәа.

Аҧсны Ахада Асланбек Гәарамиеи уи иазыҟаҵаҩцәеи аиааира рыдиныҳәалеит. "Ҳара ҳтәыла ахьӡ зху аспортсменцәа ҳрыдгылоит излауала. Сгәы иаанагоит, хара имгакәа ҳаспортсменцәа адунеи зегьы аҟны ҳара ҳбираҟ иаҵагыланы ицәырҵлоит ҳәа", - агәыҕра шимоу иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

Ахада Асланбек Гәарамиа ианаишьеит агәалашәаратә ҳамҭа, изеиҕьеишьеит иаҧхьаҟагьы аихьӡара дуқәа.

Аиҧылара иара убас иалахәын Ахада иабжьагаҩ Беслан Џьынџьали зхы иақәиҭу ақәҧаразы азыҟаҵаҩ Ҭемыр Џьопуа.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org