14.05.2015
Уаанӡа имҩаҧгаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны лаҵарамза 15 рзы имҩаҧысраны иҟоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путини реиҧылара.
Шәача имҩаҧысраны иҟоу аиҧылараҟны ирылацәажәараны иҟоуп “Аидгылареи астратегиатә усеицуреи” рзы абҵара 24, 2014 ш. Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны аҧсуа-аурыс усеицура иазку азҵаарақәа жәпакы.