Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Гәылрыԥшь араион актив анапхгаҩ ҿыц дыдирдырит

13.03.2023

Ахада Гәылрыԥшь араион актив анапхгаҩ ҿыц дыдирдырит

Иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Гәылрыԥшь араион актив анапхгаҩ ҿыц Саид Ҳаразиа дыдирдырит.
Анапхгаҩы ҿыц иаҭара иазкыз Ахада Иусԥҟа даԥхьеит Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба.
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа анапхгаҩ ҿыц иабжьигеит  аусура алҵшәақәа зҿлымҳара риҭарц. «Иарбан кадртә еиҭакразаалак алҵшәа бзиа аанагароуп. Аҳәынҭқарра Ахада иаҳасабала, сгәы иаанагоит Саид Ҳаразиа иџьабаа Гәылрыԥшь араион анхацәа рзы ихәарҭахап ҳәа».

«Зегь реиҳа ихадароу, амилаҭеилаԥса рыбжьара аҭынчра ахьчароуп, избанзар, ара аџьа рбоит еиуеиԥшым амилаҭқәа – убри ала иуникалтәуп Гәылрыԥшь араион», - иҳәеит Ахада.

Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит ҳазҭагылоу аамҭа шыуадаҩу, Урыстәыла Украина имҩаԥнаго иҷыдоу арратә операциа, иара убас Қырҭтәыла аҩбатәи афронт аартра гәҭакыс ишамоу. «Ҳарҭ даҽа аамҭанык еиԥшымкәа ҳаидгылароуп, аҭынчреи аҭышәынтәалареи рыхьчаразы», - иҳәеит Ахада.

Саид Ҳаразиа иганахьала Ахада иҭабуп ҳәа еиҳәеит ирҭаз агәрагаразы. «Сара ибзианы еилыскаауеит исыду аҭакԥхықәра. Агәра згоит, ҳамчқәа еилаҳҵар, аихьӡарақәа раарԥшра, ашәарҭадара ахьчара шҳалшо. Аԥсуареи аламыси - абарҭ аҟазшьақәа роуп сара сзықәныҟәо. Ҳарҭ аџьабаа ҳбароуп Гәылрыԥшь араион аҟны анхара –анҵра арманшәалара адагьы, ари араион аҟны анхара ҳаҭырны иҟаларц азы», - иҳәеит иара.

Ҳаразиа Саид Геннади-иԥа диит 1974 ш. ажьырныҳәамза 31 рзы, Аҟәа ақ. 1991 ш. рзы далгеит Аҟәатәи ажәабатәи абжьаратә школ. 1997 ш. рзы далгеит Аԥснытәи  Аҳәынҭқарратә Университет аекономикатә факультет   "Аҳасабырбатә ԥхьаӡареи аудити" рзанааҭ ала. 1992-1992шш.- Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәын. 2001-2008 шш. Кәыдрытәи аҩхаа аҭарцәразы имҩаԥысуаз ажәыларақәа активла дрылахәын. 2003-2007 шш.-   Москва ақалақь аҟны Аиашахаҵаратә Ацқьа-Тихонтәи университет аҟны аҵара иҵон. Атеологиа абакалавр аҩаӡара имоуп. 1993-1996 шш.- Гәылрыԥшь араион аҟны еиуеиԥшым амаҵзурақәа рҿы аус иуан. 1996-1999 шш. -Драндатәи ачаитә фабрика аиҳабы ихаҭыԥуаҩс дыҟан. 2000-2005 ш.ш. - агрофирма "Кавказ" адиректор ихаҭыԥуаҩыс. 2005-2012 ш. ш. - ақыҭанхамҩатә наплакы "Софиа" адиректорс. 2016 ш. рзы ААУ агра-нџьныртә факультет далгеит. 2012-2022 шш. -  Апарламент V -и VI-и аапхьарақәа рдепутатс дыҟан.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org