Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аслан Бжьаниа жьҭаарамза 30 рзы аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз рыхьӡала Аҟәа ақ. аҟны иҟоу абаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит

30.10.2022

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа жьҭаарамза 30 рзы аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз рыхьӡала Аҟәа ақ. аҟны иҟоу абаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.

Аусмҩаԥгатә иалахәын Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩцәа Беслан Џьопуа, Кристина Озган, аиҳабыра алахәцәа, арепрессиа иалаӡыз рыуацәеи рҭынхацәеи.
Аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ргәалашәара ахьӡала Ассоциациа арбагақәа рыла Аԥсны XX-тәи ашәышықәса 30-40-тәи ашықәсқәа раан арепрессиа зызуыз рхыԥхьаӡараҟны иҟоуп быжь-нызқьҩык рҟынӡа ауаа.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org