Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада АА ААР Лассы аҭакҟаҵаразы иҷыдоу аотриад даҭааит

30.06.2022

Ахада АА ААР Лассы аҭакҟаҵаразы иҷыдоу аотриад даҭааит

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа агәаҭара хықәкыс иҟаҵаны, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Лассы аҭакҟаҵаразы иҷыдоу аотриад  даҭааит.

Аҳәынҭқарра Ахада дицын аминистр Вальтер Быҭәба. Ацәаҳәақәыргыларатә гәаҭара ашьҭахь Ахада Лассы аҭакҟаҵаразы иҷыдоу аотриад анапхгара злахәыз аилацәажәара мҩаҧигеит. Аотриад аҟны иҟоу аҭагылазаашьазы адырра ҟаиҵеит анапхгаҩы.    


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org