Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аҧсадгьыл ахьчаҩ имш азы адныҳәалара ҟаиҵеит

23.02.2022

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аҧсадгьыл ахьчаҩ имш азы адныҳәалара ҟаиҵеит

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсадгьыл ахьчаҩ имш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.

"Ҳаҭыр зқәу аветеранцәа , Арбџьар Мчқәа хаҭалатәи реилазаара, Аҧсны  Аҳәынҭқарра атәылауаа зегьы!

Ишәыдысныҳәалоит Аҧсадгьыл ахьчаҩ имш ныҳәа. Жәабранмза 23 афырхаҵареи, агәымшәареи, арратә ҧхықәреи, апатриотизмреи ирсимволны  иҟалеит. Хашҭра зқәым арҭ хра злоу аҟазшьа ҷыдақәа мырӡкәа, абиҧарацыҧхьаӡа еимдо иааргоит.

Иахьа ҳара ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит арра маҵзура зыҧсҭазаара азызкыз, ҳтәылауааи ҳҳәынҭқарреи рҭынчра, ршәарҭадара зыхьчо аруаа.Аҧсадгьыл ахьчаҩ имш аҽны адныҳәаларақәа рыдыркылоит зегьы, Аҧсадгьыл ахақәиҭра иазықәҧоз, уи аизҳазыӷьара есҽны иазааҧсо.

Аҧсны жәлар   Аҧсадгьыл ахьчаразы игылоу рҵеицәа ирызгәдууп, аҭынчреи Аҧсадгьыл аҧхьаҟатәи аҧеиҧши зхы рықәызҵаз рыхьӡ ахааназы ирхашҭуам.
Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар, абри аныҳәамш азы  ҩнаҭацыҧхьаӡа ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, ахирра анасыҧ".

--


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org