Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аԥсны Ахада онлаин аформат ала Италиа Апарламент адепутат ипресс-конференциа иалахәыз рыхьӡала ашәҟәы дәықәиҵеит

09.02.2022

Аԥсны Ахада онлаин аформат ала  Италиа Апарламент адепутат ипресс-конференциа иалахәыз рыхьӡала ашәҟәы дәықәиҵеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа онлаин аформатла Италиа Апарламент адепутат ипресс-конференциа иалахәыз рыхьӡала ашәҟәы дәықәиҵеит.
«Ҳаҭыр зқәу Апарламент адепутатцәа! Ҳаҭыр зқәу аконференциа иалахәу зегьы! Абзиара шъықәзааит ҳәа шәасҳәоит Аԥсны жәлар рыхьӡала! Аконференциа атема иалышәхыз, иара аконференциа ахаҭа Италиатәи Апарламент аҿы иахьымҩаԥысуа, Аԥсны Аҳәынҭқарразы даара акраҵанакуеит. Аԥсны ҳәынҭқарраны иҟалеижьҭеи акыр шшышықәса ҵуеит. Уи иамоуп аҳәынҭқарратә атрибутқәа зегьы. Ҳажәлар Қырҭтәыла ашовинисттә политика ауадаҩрақәа зегьы риааира рылшеит. 1992 ш. нанҳәамза 14 рзы ақырҭуа ар ҳреспублика иақәлеит. Иага уадаҩра ҳҭагылазаргьы, ҳажәлар иаадырԥшыз афырхаҵареи Нхыҵ-Кавказтәи ҳашьцәеи (ҳаиашьаратә республикақәеи атәым ҳәынҭқаррақәа рҿы инхо ҳдиаспореи) рыцхыраара абзоурала аиааира ҳгеит. Аҭынч ԥсҭазаареи ахьыԥшымреи рзы иҳауит азин. Аԥсуа жәлар риааирала ихыркәшаз аибашьра, аекономика аганахь ала ааха ӷәӷәа анаҭеит. Ҳтәыла аекономикатә блокада иҭакын. Аибашьра ашьҭахь ҳамчқәа зегьы ҳтәыла аекономика аиҭашьақәыргылареи аҳәынҭқарратә институтқәа рырӷәӷәареи ирызкын. Иҳадаҳкылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа. Имҩаԥган ареферендум. Аԥсны жәлар реиҳараҩык рыбжьы рҭиит исуверентәу, идемократиатәу, азинтә ҳәынҭқарра ашьақәыргыларазы. Ҳнапы аҵаҳҩит «Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымразы Акт». Аԥсназы акрызҵазкуа ҭоурыхтә хҭыс дуны иҟалеит Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьазханаҵаз. Убри нахыс акымкәа адипломатиатә еизыҟазаашьақәа ҳабжьалеит егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи ҳареи. Урҭ рхыԥхьаӡара есааира ацлара иаҿуп. Ҳара иаҳдыруеит инарҭбаау жәларбжьаратәи азхаҵара – иуадаҩу, аамҭа зҭаху процессуп. Аԥсны аартуп, аиҩызаратә аусеицуратә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы, иара апозициа ҳаҭыр ақәызҵо аҳәынҭқаррақәа зегьы рҿаԥхьа. Гәахәара дууп ҳара ҳзы ҳаԥсадгьыл збарц, уи акультура еилызкаарц зҭаху Италиа атәылауаа рхыԥхьаӡара иахьацло, Аԥсни Италиеи рықалақьқәа аимадарақәа ахьрыбжьарҵо. Ишдыру еиԥш, ҳажәларқәа жәытә-натә аахысгьы еидызкылоз рацәан, иӷәӷәан ҭоурыхла реимадарақәа. Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа! Сара, мҩашьарада, издыруеит абри аконференциа конструктивла ишымҩаԥысуа. Аԥсни Италиеи рыжәларқәа реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара шьаҭас ишаиуа. Ишәзеиӷьасшьоит ақәҿиарақәа шәусураҿы!».


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org