Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада аоппозициа ахаҭарнакцәа идикылеит

29.12.2021

Ахада аоппозициа ахаҭарнакцәа идикылеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аоппозициа ахаҭарнакцәа, "Аҧсны Жәлар Реидгыла" ахантәаҩы Адгәыр Арӡынбеи ауаажәларратә еиҿкаара "Ахьаца" анапхгаҩы Ахра Бжьаниеи идикылеит.

Аоппозициа ахаҭарнакцәа ишьҭырхыз зҵаарақәоуп: апарламент ахь алхрақәа рахгара, аиҳабыра ҧхьатәара рышьҭра, аконституциатә реформақәа рымҩаԥгара.
Аҳәынҭқарра Ахада дақәшаҳаҭымхаӡеит ҧхынҷкәынмза 21 рзы имҩаҧысыз амитинг аихшьалақәа рыла хәажәкырамза 12 рзы иазгәаҭоу апарламенттә алхрақәа рахгареи, аиҳабыра ҧхьатәара рышьҭреи.

Алхрақәа рахгареи  алхрақәа  амажоритартә система аҟынтә еилаҧсоу ала аԥсахреи рызҵааразы иазгәаҭан Ахада иҟны аус зуа аконституциатә ҧсахрақәа рзы Акомиссиа аусура ишаҵанакуа. Акомиссиа аусура актәи ахәҭа хыркәшоуп, иазырхиоу ажәалагалақәа Ахада дахәаԥшырц азы инагоуп. Аусура анхыркәшахалак ашьҭахь ажәалагалақәа азакәан апроект  аҳасабала ишьақәыргылахоит, 2022 ш.рзы Апарламент ашҟа идәықәҵахоит.

Аиҧылара иалахәын Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org