Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Амчратә усбарҭақәа реилазаара алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит

03.10.2021

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аилацәажәара мҩаҧигеит Ахада Ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, Ашәарҭадаратә маҵзура Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, амчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны.

Аиҧылара цәыббрамза 30 рзы Амҳаџьырқәа рыҧшаҳәаҿы апарламент адепутатцәеи, аветеранцәеи, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәеи рыбжьара иҟалаз ахҭыс иазкын.
Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит Москва урыстәылатәи аиҳабыреи иареи реиҧылара иазкыз иусуратә ныҟәара шеиԥиҟьаз. "Иубартә иҟоуп амшын аҧшаҳәаҿы аҭыҧ змаз ахҭыс угәы иамыхәо аформа шаанахәо.  Сусуратә ныҟәара ааныскылеит хаҭала иҟалаз аус обиективла еилсыргарц", - иҳәеит Бжьаниа. Убри аан иазгәеиҭеит, Аҧсны анҭыҵ ари ахҭыс ахәшьара бааҧс шаиуз, еицырдыруа урыстәылатәи аҭыжьымҭақәа рыҟны изныкымкәа ишахцәажәахьоу. "Иахәҭоу аусқәа зегьы мҩаҧгатәуп аҵабырг ашьақәыргыларазы.  Ари азҵаара обиективла иазнеитәуп", - иҳәеит атәыла Ахада.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар аҳәынҭқарра Ахада диҳәеит имаҵураҟнытә аамҭала ихы дақәиҭитәырц аусҭҵаара цонаҵы. «Смаҵураҟны сыҟанаҵы аусҭҵаара саԥырхагахоит ҳәа ауаа ргәы иаанамгарц азы, аҳәара ҟасҵоит аусҭҵаара цонаҵы аамҭала схы сақәиҭышәтәырц . Сгәы иаанагоит, ари ахҭыс иалахәыз адепутатцәагьы убас ҟарҵап ҳәа», – иҳәеит Дбар.

Аминистр иажәақәа дрықәшаҳаҭхеит апрокурор хада ихаҭыԥуаҩ Дамир Кәыҵниа. Уи иазгәеиҭеит ари аусҭҵаареи аҵабырг ашьақәыргылареи иацхраауеит ҳәа. Иара убас Кәыҵниа иҳәеит Апрокуратура хада аусҭҵааратә усбарҭа аԥшаҳәаҿы иҟалаз ахҭыс афакт ала апроцессуалтә гәаҭара амҩаԥгара ишаҿу. «Агәаҭара алҵшәақәа рыла апроцессуалтә зыӡба рыдкылахоит. Ҳазҭагылоу аамҭазы ашаҳаҭцәеи ахҭыс збази рызҵаарақәа мҩаԥысуеит, имҩаԥысуеит акомплекстә оперативтә-ҭҵааратә усмҩаԥгатәқәа, иазгәаҭоуп аекспертизақәа жәпакы.  Аусмҩаԥгатәқәа реихшьалақәа рыла иобиективтәу азыӡба рыдкылахоит», –иҳәеит Кәыҵниа.
Ахада аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр иажәалагала дадгылеит, адҵа ҟаиҵеит иақәнагоу адокумент азырхиаразы. Аамҭала аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа наигӡалоит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Руслан Ажьиба.  

Аилацәажәара ахыркәшамҭаз Ахада Ахьчаразы аҳәынҭқарратә маҵзура аиҳаби азинхьчаратә усбарҭақәеи рнапы ианиҵеит ауаажәларратә зинтә леишәа, атәылауаа, аиҳабыратә хыбрақәа ршәарҭадара ахылаԥшра арӷәӷәара.  «Ижәдыруеит уаҵәы апарламент аилатәара шыҟало, ҳаҭыр зқәу адепутатцәа ҭынч аусуразы алшара рымазароуп. Иарбанзаалак акрызҵазкуа аиҳабыра амчхара амахәҭа - апарламент аганахьала ақәыӷәӷәара ҟамлароуп», – иаҵшьны иҳәеит Аслан Бжьаниа.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org