Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада амчратә еилазаарақәа рнапхгаҩцәа злахәыз аилацәажәара мҩаԥигеит

16.09.2021

Ахада амчратә еилазаарақәа рнапхгаҩцәа злахәыз аилацәажәара мҩаԥигеит

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа  амчратә еилазаарақәа рнапхгаҩцәа - Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура, Апрокуратура хада алархәны аусуратә еилацәажәара мҩаҧигеит.

Аилацәажәара иалахәын Ахада Иадминистрациа анапхгаҩы ихаҭыҧуаа Саида Быҭәҧҳа, Зураб Қаџьаиа, Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба.
Аиҧылараҿы ирзааҭгылан аҵыхәтәантәи аамҭазы Гагра араион аҟны аҭыҧ змаз ахҭыс иадҳәалаз азҵаарақәа.

Аҳәынҭқарра Ахада АА Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра анапхгара иҟанаҵаз аинформациа дазыӡырҩит, иазгәеиҭеит азинхьчаратә усбарҭақәа рыҟны ҭакҧхықәрала, профессионалла аусура азнеира аҭахны ишыҟоу.

Аилацәажәара аихшьалақәа рыла рыла, Ахада Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра анапхгара адҵақәа жәпакы риҭеит.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org