Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа усуратә визитла Москва дыҟоуп

29.07.2021

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа усуратә визитла Москва дыҟоуп

Иахьа имҩаԥысит Аԥсны Ахадеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Дмитри Козаки реиԥылара.

Ирылацәажәан аҧсны-урыстәылатәи аусеицура иазкыз азҵаарақәа жәпакы.

Ҷыдала, аиҧылараҟны ишьҭыхын короновирустә ҿкы иаҿагыланы ақәԥараҟны Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала ацхыраара атема, авакцина аҩбатәи апартиа аашьҭра, иара убас Аԥсны асоциалтә-економикатә ҿиара ацхрааразы аинвестициатә программа анагӡара иазкыз азҵаарақәа.

Иара убас, Аҧсны Ахада диԥылеит Аҳәаанырцәтәи атәылақәа рыҽрымадаразы арегионалбжьаратәи акультуратә еимадарақәеи рзы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иадминистрациа Аусбарҭа аиҳабы Игор Маслов.

Иазгәаҭоуп иара убас егьырҭ аиҧыларақәа жәпакы.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа усуратә визитла Москва дыҟоуп.

Иахьа имҩаԥысит Аԥсны Ахадеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Дмитри Козаки реиԥылара.

Ирылацәажәан аҧсны-урыстәылатәи аусеицура иазкыз азҵаарақәа жәпакы.

Ҷыдала, аиҧылараҟны ишьҭыхын короновирустә ҿкы иаҿагыланы ақәԥараҟны Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала ацхыраара атема, авакцина аҩбатәи апартиа аашьҭра, иара убас Аԥсны асоциалтә-економикатә ҿиара ацхрааразы аинвестициатә программа анагӡара иазкыз азҵаарақәа.

Иара убас, Аҧсны Ахада диԥылеит аҳәаанырцәтәи атәылақәа рыҽрымадаразы арегионалбжьаратәи акультуратә еимадарақәеи рзы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иадминистрациа Аусбарҭа аиҳабы Игор Маслов.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org