Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Очамчыра араион Тамшь ақыҭаҟны асасааирҭа-гәабзиарачаԥарҭатә комплекс аартра ацеремониа далахәын

03.07.2021

Ахада Очамчыра араион Тамшь ақыҭаҟны асасааирҭа-гәабзиарачаԥарҭатә комплекс аартра ацеремониа далахәын

Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Очамчыра араион Тамшь ақыҭаҟны асасааирҭа-гәабзиарачаԥарҭатә комплекс аартра ацеремониа далахәын.

Очамчыра араион ахада Беслан Бигәааи «Библио-Глобус» аилахәыра адиректор хада Ирина Костенкои алента ҟаԥшь еиҩҵәаны,  «Тамшь Village» аартра хацдыркит.
Аҳәынҭқарра Ахада атуристтә обиект аартразы адныҳәалара ҟаҵо, иаҵшьны иҳәеит ари ахҭыс аҵак ду шамоу.

«Ари баша атуристтә обиект аартра мацара акәӡам, имыцхәхаӡом, ари Тамшьи мрагыларатәи Аԥсни реиҭеира иасимволны иҟоуп, ҳҳәар», - иҳәеит Ахада.

Аслан Бжьаниа иҳәеит Аԥсны анапхгара аҵак ду шарҭо аусурҭа ҭыԥқәа раԥҵареи Аԥсны аекономика аинвестициақәа ралагалареи рызҵаара.  «Ҳара аҭагылазаашьа бзиақәа аԥаҳҵоит ҳекономика аинвестициақәа радԥхьаларазы. Аԥсны аинвестор дшыхьчоу идыруа дҟалоит, аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусбарҭақәа иаҭаху ацхыраареи адгылареи ирҭалоит иазԥхьагәаҭахо апланқәа аихьӡара рыманы рынагӡаразы. Тамшь иаарту аобиект ас еиԥш аусеицуразы ҿырԥшыга бзиоуп»,- иҳәеит Ахада, Аԥсны аекономикатә ҿиара, ауааԥсыра рзы аусурҭа ҭыԥқәа раԥҵара иацхраауа ас еиԥш иҟоу апроектқәа Аԥсны араионқәа зегьы рыҟны рынагӡара ишалаго азгәаҭаны.

Ахада иҭабуп ҳәа реиҳәеит атуристтә комплекс ду «Библио Глобус» анапхгареи атуристтә обиект аргылареи аиҿкаареи иалахәыз зегьи.

Атуристтә база аартра ацеремониа иалахәын иара убас Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа, Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, аиҳабыра алахәцәа, апарламент адепутатцәа, ақалақьқәеи араионқәеи радминистрациақәа рхадацәа, асасцәа, атурбизнес ахаҭарнакцәа.  


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org