03.07.2021
Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҟәа ақалақь амш аҽны Аԥсны ауааԥсыра дрыдныҳәалеит.
"Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Аҟәы ақалақь амш ныҳәа!
Ашәышықәсақәа ирықәлоу ҳтәыла аҭоурых, иара аҳәынҭқарратәра Аҟәа ақалақь иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп. Ҳара, Аԥсны атәылауаа, ҷыдала иаҳныруеит ари акра, ҳгәы азыбылуеит, бзиа иаҳбоит ҳаҳҭнықалақь гәакьа.
Аҟәаа рџьабаала, рдыррақәа рыла, рбаҩхатәрала изныкымкәа агәра ҳдыргахьеит еиҳа иуадаҩу азҵаарақәа рыӡбара шрылшо.
Ҳақалақь иаланхогьы уи иаҭаауа дарбанзаалакгьы изеиӷьасшьоит аҭынч ԥсҭазаара, аизҳазыӷьара иманы, насыԥла анхара. Ари ақалақь ссир нхарҭас измоу дызусҭазаалак, дахьыҟазаалак аҭоурых шьахәқәа раԥҵаразы аҭагылазаашьа иоуааит.
Ҳақалақь Аҟәа – ҳара иҳаԥсҭазаароуп, ҳара ҳзы аҵак ду змоу ҭыԥуп; аӡәы ара диит, насыԥ змоу ихәыҷра ашықәсқәа ихигеит, аӡәы ибзиабара ара иԥшааит, даҽаӡәы ара аиааирақәа ахьигаз, игәҭакы ахьынаӡаз ауп.
Акыр иаԥсоу аҩызцәа, ишәыдысныҳәалоит ҳақалақь Амш, иҟазааит наунагӡа ара аҭынчра, ахирра, аҳаҭыреиқәҵара, аизҳареи аҿиареи рзы алшарақәа».