Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада азинхьчаратә усбарҭақәа рхаҭабзиара аиӷьтәразы ауснагӡатәқәа разырхиара иазку аусуратә гәыԥ изаамҭанытәиу аилатәара мҩаҧигеит

26.06.2021

  Ахада азинхьчаратә усбарҭақәа рхаҭабзиара аиӷьтәразы ауснагӡатәқәа разырхиара иазку аусуратә гәыԥ изаамҭанытәиу аилатәара мҩаҧигеит

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ахада азинхьчаратә усбарҭақәа рхаҭабзиара аиӷьтәразы ауснагӡатәқәа разырхиара иазку аусуратә гәыԥ изаамҭанытәиу аилатәара мҩаҧигеит.

Ари аԥхьа иалкааз азгәаҭақәа ҳасаб рзуны Ахада идыргалеит азинхьчаратә усбарҭақәа рсистема аҧсахрақәа ралагаразы аусуратә гәыҧ иҟанаҵаз ажәалагалақәа.

Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит, зырхиара иаҿу аҧсахрақәа амчратә еилазаарақәа русура ахаҭабзиара аиӷьтәра шьаҭанкыла анырра анаҭароуп, азинтә леишәеи ҳтәылауаа рзинқәа  рыхьчара арӷәӷәареи иацхраароуп ҳәа.

Иаарласны аусуратә гәыҧ иазнархиаз азинхьчаратә усбарҭақәа рыҟны аиҭакрақәа ирызку апроект ауаажәларра ирыдгалахоит.

Аилатәара иалахәын Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Аслан Кәыҵниа, Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡагыҟәгаҩ Сергеи Шамба, Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа ахантәаҩы Манана Делба, Апрокурор хада Адгәыр Агрба,  Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура Ахантәаҩы Роберт Киут, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар.

Ас еиҧш иҟаз аилатәара мҩаҧысхьан уажәаԥхьа рашәарамза 21 рзы.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org