Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҧсны Ахадеи Шьамтәыла аҧыза-министри Аҧсны-шьамтәылатәи аиҳабырабжьаратә комиссиа алахәцәа аусура алагамҭа рыдырныҳәалеит

18.05.2021

Аҧсны Ахадеи Шьамтәыла аҧыза-министри Аҧсны-шьамтәылатәи аиҳабырабжьаратә комиссиа алахәцәа аусура алагамҭа рыдырныҳәалеит

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада аслан Бжьаниеи Шьамтәыла аҧыза-министр Хусеин Арнуси аҧсны-шьамтәылатәи аиҳабырабжьаратә комиссиа алахәцәа аусура алагамҭа рыдырныҳәалеит.

Аминистрцәа рхеилак аҟны Аслан Бжьаниа акомиссиа алахәцәа аҧсшәа раҳәо, иҳәеит:

«Ҳаҭыр зқәу, Аԥыза-министр шәхацкы,, ҳаҭыр зқәу аколлегацәа!

Азин сышәҭозар, аԥсны-шьамтәылатәи аиҳабырабжьаратә комиссиа аусура ахацыркра зегьы иҳадысныҳәалар сҭахуп.  

Ари аекономика, ақыҭанхмҩа, атуризм, аҭҵаарадырра, акультура, аспорт уҳәа реиҧш иҟоу еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла  наҟ-ааҟ феида злоу  ҳусеицуразы алшара ду змоу ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара аизыҟазаашьақәа рыҿиаразы аҵак дуӡӡа амоуп.

Аҳәынҭқаррақәа рыбжьара имаҷымкәа аҳәынҭқаррабжьаратә документқәа ирыҵаҩуп. Урҭ рахьтә зегь реиҳа ихадараны иҟоуп Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Арабтә Республикеи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра.

Иаҧҵоуп аԥсны-шьамтәылатәи аиҳабырабжьаратә комиссиа, иалыршоу аиқәшаҳаҭрақәа ҵакыла рхарҭәаара алзыршо. Аԥсуа ган азҿлымҳауп аҩ-ганк рзы хаҳара злоу аусеицзура, гәацҧыҳәарала аусура ахацыркрагьы иазхиоуп.      

Ҳара ҳганахьа ацхантәаҩы, ҳаҭыр зқәу, Озган, иара убас аделегациа егьырҭ алахәцәа сара сҟынтәи иахәҭоу адҵа рыҭоуп.

Агәра згоит, аиҳабырабжьаратә комиссиа аусура алҵшәақәа ҷыдала еицаҳзеиԥшу апроектқәа рынагӡара ишацхраауазы.

Аилатәара алахәцәа ирзеиӷьасшьоит Аԥсни Шьамтәылеи ажәларқәа реизҳазыҕьара иазку алҵшәа бзиа змоу аусура.

Иҭабуп шәахьысзыӡырҩыз”.

Анаҩс акомиссиа аусура хацыркын.

Аҧсуа ган аҟнытә уи иалахәын: аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, аҧыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьапуа, атуризм аминистр Ҭемраз Хышба, ааглыхратә палата Ахада Тамила Мерцхәлаа.

Шьамтәылатәи аган аҟнытә: аекономикеи адәныҟатәи ахәаахәҭреи рминистр Муҳаммад Самер Аль-Ҳалиль, атуризм аминистр Муҳаммад Мартини, атранспорт аминистр Зуҳаир Ҳузаим, ақыҭанхамҩеи аграртә реформеи рминистр Муҳаммад Ҳасан Катна, Апланркреи жәрабжьаратәи аусеицуреи рзы аилак ахантәаҩы Имад Сабуни, Шьаматәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Европа Адепартамент адиректор Луаи Фаллоуҳ, Апланркреи жәларбжьаратәи аусеицуреи рзы аилак аҟны Европа аус ацзуразы Адепартамент адиректор Тарик Аль-Џауабра, ШЬАР, Иреиҳау аҵараиура аминистрра Акультуратә еимадарақәа рзы Адепартамент адиректор Акил Маҳфуд, ақыҭанхамҩа аминистрра аҵиаақәа рыхьчаразы Адепартамент адиректор Ииад Муҳаммад, Акультура аминистрра акультуратә еимадарақәа рзы Адепартамент адиректор Зиад Маиман, Шьамтәыла Абанк хада адәныҟатәи аоперациақәеи акорреспондентқәеи рыҟәша аиҳабы Али Аль-Манла.

Аиҳабырабжьаратәи акомиссиа алахәцәа алацәажәеит хәҭа-хәҭала аекономикеи, атуризми, ақыҭанхамҩеи русхкқәа рыҟны аусеицура апрактикаҟны анагӡара азҵаара.

Акомиссиа аусура аихшьалақәа рыла аекономикеи атуризми рзы Аҧсни Шьамтәылеи рминистррақәа рыбжьара аиқәшаҳаҭрақәа ирыҵаҩын.

Адокументқәа рнапынҵамҭақәа анырҵеит Аҧсны Аҳәынҭқарра аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Шьамтәыла аекономикеи адәныҟатәи ахәаахәҭреи рминистр Муҳаммад Самер Аль-Ҳалиль, Аҧсны Аҳәынҭқарра атуризм аминистр Ҭемраз Хышба, Шьамтәыла атуризм аминистр Муҳаммад Мартини.




Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org