06.04.2021
Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Ахада Вадим Красносельски Аслан Бжьаниа имшира идиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә аацҳамҭаҟны иазгәаҭоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа!
Ҳаҭырқәҵарыла сшышәзыҟоу азгәаҭаны гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Шәымшира!
Аԥсуа жәлар рҵеи иаша, аихьӡарақәа змоу аҳәынҭқарратә усзуҩы, ҭакԥхықәрала зус иазнеиуа, Шәара шьаҿа-шьаҿала аԥсуа ҳәынҭқарра, уи жәларбжьаратәи ахьӡ-аԥша ашьақәырӷәӷәара, аекономикеи акультуреи рышьҭыхразы иазԥхьагәаҭоу ауснагӡатәқәа рынагӡара шәаҿуп.
Апатриотизми, шәыуаажәлар рыхӡыӡаареи шьаҭас измоу Ахада имаҵураҟны шәусура Ареспублика аҭышәынтәалареи аизҳазыӷьареи рзы зыда ԥсыхәа ыҟам акрызҵазкуа астратегиатә ҵакы змоу, изаамҭанытәиу азыӡбақәа рыдкылара иацхраауеит.
Шәара шәыпрофессионализм, шәдыррақәа, анапхгаҩ бзиа игәамч хархәара роуит аԥсуа жәлар рыхьӡала имҩаԥыжәго аҭакԥхықәра змоу, имариам аусураҟны.
Сара агәра згоит Приднестровиеи Аԥсни шықәсырацәала ирыбжьоу ҭоурыхла аиҩызара, аидгылара, аицхыраара рытрадициақәа шьаҭас измоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа аԥхьаҟагьы лыҵшәа бзиала аҿиара шроуа.
Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, анасыԥ, шәнапы злашәкуа аусқәа рыҟны аихьӡарақәа, Аԥсны иагымзааит аҭынчра, аҭышәынтәалара».