06.04.2021
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслана Бжьаниа имшира идиныҳәалеит Никарагуа Ареспублика Ахада Даниэль Ортега Сааведреи Ахада ихаҭыԥуаҩ Росарио Маурильои.
"Адныҳәаларатә аацҳамҭаҟны иҳәоуп:
Ҳашьа, ҳҩыза Ахада, гәык-ԥсыкала, ҳаҭырқәҵарала, еиҩызарала Никарагуеи уи аиҳабыреи рыхьӡала ишәыдаҳныҳәлоит 58-шықәсашәхыҵра амш.
Ҳара агәра аагоит ҳтәылақәа ирыбжьоу аиашьаратә еизыҟазаашьақәа есааира ишыӷәӷәахо, ҳгәыӷрақәагьы еицакра шрықәым.
Ишәыдаҳныҳәалоит, иагьшәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, Шәаргьы, шәыжәларгьы, шәыҩнаҭагьы гәырӷьара рыгымзааит!"