Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Иаҧҵоуп С.П.ДБар ииубилеи аиҿкаареи амҩаҧгареи рзы аҳәынҭқарратә комиссиа

02.04.2021

Иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩы, Аҧсны Афырхаҵа, «Ахьӡ-Аҧша» аорден I аҩаӡара занашьоу  Сергеи Платон-иҧа Дбар диижьҭеи 75 шықәса аҵра иазку аиубилеитә усмҩаҧгатәқәа реиҿкаареи  рымҩаҧгареи рзы аҳәынҭқарра Ахада Идҵала иаҧҵоуп Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа хантәаҩра ззиуа Аҳәынҭқарратә комиссиа.

Аҳәынҭкомиссиа аилазаараҟны иҟоуп:

Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, акультура аминистр Гәудиса Агрба, ААТР адиректор хада   Ирина Агрба, Гәдоуҭа араион Администрациа ахада Баграт Боџьгәуа, Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы апарламент аилак ахантәаҩы Илиа Гәниа, аинрал Дбар иҧшәмаҧҳәыс Римма Дбар, С.П. Дбар ихьӡ зху Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аҳәынҭқарратә музеи аусзуҩы Гәугәуца Џьыкырба, Аҟәа ақ. Администрациа ахада Беслан Ешба.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org