15.03.2021
70-шықәсахыҵратәи аиубилеи азгәеиҭоит иналукааша аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усзуҩы, аҵарауаҩ, адипломат, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадара ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа еицырдыруа Аҧсны аполитик имшира идныҳәало, ҳамҭас ииҭеит аҧсуа ҟазацәа рнапала инагӡоу Серги Радонежтәи иныхачаҧа.
Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит Сергеи Шамба Аҧсны асоветтә ҭоурых аҟны ироль. Аслан Бжьаниа иҳәеит уи ихьӡ аҧсуа ҳәынҭқарра аргылара, ашьаҭыркҩцәа ишрыдҳәалоу.
Ахада иара убас иазгәеиҭеит Сергеи Мирон-иҧа аҵарауаҩ-аҭоурыхҭҵааҩ иаҳасабала илагаламҭа атәыла аҭҵаарадырра аҿиараҟны.
Аслан Бжьаниа Сергеи Шамба изеиҕьеишьеит агәабзиара, агәамч, аихьӡара дуқәа Аҧсны Аҳәынҭқарра амаҵ аураҟны.
Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Кәарҷиа С. Шамба ииубилеи идныҳәало, иара убас иазгәеиҭеит Шамаа рҭаацәара аҧсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылараҟны инарыгӡо ароль.
«Шәара шәашьеиҳаб Тарас Мирон-иҧагьы Шәаргьы шәлагаламҭа ахә ашьара уадаҩуп ҳажәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәҧараҟны.
Ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, аихьӡара дуқәа»,- иҳәеит В. Кәарҷиа.