Ахада хаҭала изакәаным акриптофермақәа раарҧшреи раҿыхреи рзы азыӡба анагӡашьа шымҩаҧысуа гәеиҭеит

Ахада хаҭала изакәаным акриптофермақәа раарҧшреи раҿыхреи рзы азыӡба анагӡашьа шымҩаҧысуа гәеиҭеит

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иахьа иаалырҟьаны акриптовалиута арҳаразы аус зуаз амаининг ферма ахьаарҧшыз аобиект даҭааит.  Ари Гәлырыҧшь араион Бабушьара аҳаблаҟны иҟоу акаҭран зауад иаҵанакуа аобиект аҿы ауп.  

Аҳәынҭқарра Ахада ицын Ахада Иадминистрациа анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Џьансыхә Нанба, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаа Руслан Ажьиба, Рашь Ҵәыџьба, АШӘА ахаҭарнакцәа, Гәылрыҧшь араион Администрациа ахада Аслан Бараҭелиа.

Ара иаарҧшын 300 маининг-аппарат. Ахада адҵа ҟаиҵеит иаразнак аимыхразы, рыгәгьы рҽаниҵеит иахьа хаҭала иара уи анагӡашьа шгәаиҭо азы.  
Иара убас Ахада Гәылрыҧшь араион Администрациа ахада инапы ианиҵеит иахьаҵәҟьа акриптоферма аус ахьауаз ақыҭа ахада имаҵураҟнытә ихы дақәиҭитәырц .
Аҩныҵҟатәи аусқәеи АШӘА-еи рраионтә ҟәшақәа рнапхгаҩцәа лахь рыҭан.

Иара убас Ахада даҭааит Очамчыра аҵкар аҟны ҧасатәи ачаи фабрика ахьыҟоу аҭыҧ аҿы даҽа фермакгьы. Амилициа арионтә ҟәша аиҳабы Леван Аҳәба Ахада адырра ииҭеит иҟоу адокументқәа инарықәыршәаны аферма Баслахә ақыҭа иатәу Давид Гогьиа ихьӡ шаху. Ари аферма ҩымшҟа раҧхьа иаарҧшын, иагьаҿыхын. Ара аус руан  акриптовалиута арҳаразы 1900 маининг –аппарат, ишьақәыргылан зыцыҧхьаӡа мегаваттк амчхарақәа змоу 4 трансформаторк.

Аҳәынҭқарра Ахада адҵа ҟаиҵеит хымш рыҩныҵҟала урҭ реимыхразы. Азинхьчаратә усбарҭақәа ирымоу аинформациа ала ари акриптоферма зтәыҵәҟьоу даҽа хаҿқәоуп.  
Аслан Бжьаниа рнапы ианиҵеит ари аферма иадҳәалоу ахаҿқәа зегьы зусҭәцәоу шьақәдыргыларц.  

"Аҭагылазаашьа шыуадаҩу жәбоит: афымцакаҭа иақәу аидара ахьанҭара иахҟьаны акомпиутертә томограф аус азуӡом, ахәыҷқәеи абыргцәеи ахьҭа иакуеит, алифтқәа аус руӡом. Изакәанымкәа абас еиҿкаау аусура ҧеиҧш амамзароуп",- иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада.


Возврат к списку