Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аслан Бжьаниа: «Иаарласны авакцинациа аус хацыркхоит»

28.01.2021

Аслан Бжьаниа: «Иаарласны авакцинациа аус хацыркхоит»

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа  ажьырныҳәамза 27 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телехәаԥшра иаиҭаз аинтервиу аҟны иалацәажәан короновирус  апандемиа аамҭа уадаҩ азы аҳәынҭқарраҿы иҟоу аҭагылазаашьа.

  Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит, атәылаҟны аекономика шхьысҳаугьы, аҳәынҭқарра анапхгара коронавирус иарҿиаз  ауадаҩрақәа зегьы раԥыхразы ирылшо зегьы шыҟарҵо. Ахада иазгәеиҭеит, коронавирусттә ҿкы иаҿагыланы ақәԥараҟны ацхыраара ду шыҟарҵаз абизнес-еилазаарақәа, Ҭырқәтәыла, Москва иҟоу аԥсуа диаспора, Урыстәылатәи Афедерациа аҳақьымтә еилазаара, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа, иара убас Аԥсны аҩызцәа.

«Атәылаҟны иаԥҵан 530 ашьҭаларҭатә ҭыԥқәа. Аҳәынҭқарра абиуџьет аҟынтә мацара Ковид-19 иаҿагыланы ақәԥаразы иазоужьын 265 млн. мааҭ.
Гәдоуҭа иргылан ахыбра ҷыда акоронавирус зыхьуа ачымазцәа рыхәышәтәразы, иааган акомпиутерттә томограф, хыԥхьаӡара рацәала ИВЛ аппаратқәа, аконцентраторқәа, иара убас егьырҭ ахархәагатә материалқәа.  

Ҳтәылаҟны ԥшь-раионк рҿы иаԥҵан ахәшәтәырҭақәа, руак урыстәылатәи ахәшәтәырҭа «Аиҭар» аҟны.
Ҳара ҳҳақьымцәа рԥышәа рымардоит  Аԥсны иалҵыз Урыстәыла ақалақьқәа рыҟны иҟоу амедицинатә усзуҩцәа, иара убас  арҭ амзқәа ирылагӡаны  рҽеиҭныԥсахло Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтә ҳара ҳахь иаауеит аспециалистцәа.  Урыстәылатәи ҳколлегацәа рыцхыраарала, иаарласны ҳтәылаҿы авакцинациа аус хацыркхоит», - ҳәа азгәеиҭеит Аслан Бжьаниа.  

Ахада иара убас иазгәеиҭеит, ҳтәылаҿы ковид чымазара змоу ауаа рыхәышәтәра рнапы шалаку 371-ҩык амедицинатә усзуҩцәа. Урҭ рзы аҳәынҭқарра ауалафахәқәа  рхыхь иацнаҵаз ашәагаа ишартәо 54 млн.мааҭ.

«Еилаҳкаауеит, ари аԥара шырацәам, аха аҳәынҭқарра иамоу алшарақәагь  дуум. Рҿаԥхьа ҳхырхәоит, иҭабуп ҳәа раҳҳәоит есҽны ари ачымазара иадҳәалоу аҳақьымцәа зегьы. Ҳара еилаҳкаауеит, ауаа ааԥсеит, хаԥсыра рбеит, аха уаҳа ԥсыхәагь ыҟам.  Иҳачҳароуп, иаҳхаҳгароуп», - ҳәа азгәеиҭеит Ахада.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org