Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Хьыбла Герзмаа лымшира лыдиныҳәалеит

06.01.2021

Аԥсны Аҳәынҭқарр Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи Жәлар рартист Хьыбла Герзмаа лымшира лыдиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны иҳәоуп:  

«Ҳаҭыр зқәу Хьыбла Леуарсан –иԥҳа!

   Гәы-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Шәымшира.

Шәара адунеитә оператә сцена зырлашаз аиаҵәахәқәа ируаӡәку, иналукааша шәаҳәаҩуп.

Шәара шәбаҩхатәра ду, зеиԥш ыҟам шәыбжьы атәылақәа зегьы рыҟны аклассикатә музыка  иамҵахәырхәо ахә ҳаракны иршьахьеит.

Аԥсны жәлар Шәара ишәызгәдууп. Иреиӷьу адунеитә театрқәа рысценақәа рыҟнытә Шәара ҳаԥсадгьыл Аԥсны ахьӡ ҭыжәгоит, адунеи иалашәырҵәоит шәырҿиара ду ала.

Ҳаҭыр зқәу Хьыбла Леуарсан-иԥҳа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, арҿиаратә еихьӡарақәа, аизҳазыӷьара».


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org