Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аусԥҟақәа инапы ирыҵаиҩит аҳаҭыртә хьыӡқәа рыхҵаразы акультура аусзуҩцәа:
- Акультуреи аҟазареи рыҿиараҟны илагаламҭа ду азы «Аԥсны Жәлар рартист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп Чқәан Николаи Константин-иԥа.
- Аԥсны амузыкатә ҟазара аҿиараҟны илагаламҭа дуи анагӡаратә ҟазара ҳараки рзы «Аԥсны Жәлар рартист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп Зыхәба Заури Душьел-иԥа.
- Аԥсны амузыкатә ҟазара аҿиараҟны илагаламҭа дуи анагӡаратә ҟазара ҳараки рзы «Аԥсны Жәлар рартист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп Саӷариа Нодари Виқтор-иԥа.
- Аԥсны амузыкатә ҟазара аҿиараҟны илагаламҭа дуи анагӡаратә ҟазара ҳараки рзы «Аԥсны Жәлар рартист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп Џьопуа Борис Николаи- ииԥа.
- Аԥсуа культура аларҵәараҟны илагаламҭазы «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп Марыхәба Лаша Игор-иԥа.