18.12.2020
Иахьа имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Афедералтә ҳазалхратә маҵзура Аиректор Владимир Булавини реиԥылара.
Ирылацәажәан Аԥсни Урыстәылеи рҳазалхратә усбарҭақәа русеицура иадҳәалоу азҵаарақәа.
Аԥсны Ахадеи АҲМ Анапхгаҩи алацәажәеит аԥсны-урыстәылатәи аҳәаа иахыганы ацитрустә ҽаҩра амҩангараан ицәырҵуа ауадаҩрақәеи аҭагылазаашьа аиӷьтәразы зыда ԥсыхәа ыҟам ауснагӡатәқәеи ртәы.