30.11.2020
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны иҟоу Аџьар ҟаԥшь жәларбжьаратәи аилак амиссиа Ахада Маттиас Ваинрах дидидикылеит.
Агуманитартә миссиа анапхгаҩы аҳәынҭқарра Ахада адырра ииҭеит Аԥсны иҟоу АҞЖӘА аусуразы. Инарҭбааны далацәажәеит зынагӡара иаҿу апроектқәа ртәы.
Ахада АҞЖӘА амиссиа иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аԥсны имҩаԥырго аусуразы.
«Ҳара ҳусеицура иацҵазар ҳҭахуп»,- иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада. Ахада иҳәеит иара убас АҞЖӘА амиссиа аусураҟны ацхыраара рыҭара ишазхиоу.