Ахада азинхьчаратә усбарҭақәа русура иазку аилацәажәара мҩаԥигеит

 Ахада азинхьчаратә усбарҭақәа русура иазку аилацәажәара мҩаԥигеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа азинхьчаратә усбарҭақәа русура иазку аилацәажәара мҩаԥигеит .

Аилацәажәараҟны ирзааҭгыланы иахцәажәеит атәылаҟны акриминогентә ҭагылазаашьа, азинхьчаратә усбарҭақәа русура ахаҭабзиара аиӷьтәра иазку ауснагӡатәқәа.

Аилацәажәара иалахәын Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар, АШӘА ахантәаҩы аамҭала ин.н. Роберт Киут, Апрокурор хада ихаҭыԥуаҩ Дамир Кәыҵниа.  

  



Возврат к списку