Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аслан Бжьаниа Шьамтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр иԥсҭазаара иалҵра инамаданы Башар Асад адышшыларатә цҳамҭа изишьҭит

16.11.2020

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Шьамтәылатәи Ахада Башар Асад адышшыларатә цҳамҭа изишьҭит Шьамтәылатәи Арабтә Республика Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Уалид аль-Муалемм иԥсҭазаара иалҵра инамаданы.

Адышшыларатә цҳамҭаҟны иазгәаҭоуп:

«Аԥсны жәлар рыхьӡала, хаҭала сара сҟынтә гәалсра дула сшәыдышшылоит Шәаргьы шьамтәылатәи ажәлар зегьы Апминистрцәа рхеилак Ахантәаҩы Ихаҭыԥуаҩ, аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәа рзы Шьамтәылатәи Арабтә Республика Адәныҟатәи аусқәа рминистр Уалид аль-Муалемм иԥсҭазаара иалҵра инамаданы.
Уалид аль-Муаллем иԥсҭазааратә мҩа Аԥсадгьыл амаҵураҟны иналукааша ҿырԥшуп. Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны ҳаҭыр зқәу Муаллем иҩызара ахә ҳаракны иршьон аҟнытә цәыӡ дуны ирыдыркылеит уи иԥсҭазаара иалҵра.

Уалид аль-Муаллем ахааназы ҳгәалашәараҟны дынхоит ҩыза иашаны, хамеигӡарак ззымдыруаз политикны. Аԥсны анапхгареи Аԥсны жәлари шәхьаа шәыцеиҩыршоит, ишәыцгәырҩоит.

Ҳаҭырла,
Аслан Бжьаниа».


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org