Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Имҩаԥысит АА аҟны иҟоу УА атәылауаа рмазаратә зинқәа рыхьчаразы Акомиссиа актәи аилатәара

09.11.2020

Имҩаԥысит АА аҟны иҟоу УА атәылауаа рмазаратә зинқәа рыхьчаразы Акомиссиа актәи аилатәара

Имҩаԥысит Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба хантәаҩра ззиуаз АА аҟны иҟоу УА атәылауаа рмазаратә зинқәа рыхьчаразы зеилазаара рҿыцу Акомиссиа актәи аилатәара.  

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада 20.08.2020 ш. аҟнытә Иусԥҟа ала ишьақәырӷәӷәан АА аҟны иҟоу УА атәылауаа рмазаратә зинқәа рыхьчаразы Акомиссиа аилазаара ҿыц. Акомиссиа хантәаҩра азиуеит Ахада Ихаҭыԥуаҩ Б.Гәынба.  

Акомиссиа аусура иалахәын Аԥсны иҟоу УА Ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалов, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар, аиустициа аминистр ихаҭыпуаҩ Анри Барцыц, адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа, АШӘМ ахантәаҩы аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Роберт Киут, Аиустициа аминистрра Аӡбаратә нагӡаҩцәа рмаҵзура анапхгаҩы Зураб Барцыц, Апрокуратура хада Атәылауаҩра-ӡбаратә ҟәша аиҳабы Елена Чыҭанаа, Ауаажәларратә палата ахантәаҩы лхаҭыԥуаҩ  Александр Страничкин, АА аҟны иҟоу УА атәылауаа рмазаратә зинқәа рыхьчаразы зеилазаара рҿыцу Акомиссиа ареферент еиҳабы Викториа Бебиа.

Акомиссиа ахәаԥшит УА атәылауаа рыҟнытә арзаҳалқәа 17. Бадра Гәынба адырра ҟаиҵеит Акомиссиахь иааиз арзаҳалқәа  Аԥсны Ахада ишҟа, Акомиссиахь, УА аофициалтә усбарҭақәа, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа, Аурыс еидгыларақәа, егьырҭ азинхьчаратә еиҿкаарақәа рышҟа ишиашоу идҵаало рыҟнытә ишааиуа.

Уи иҟаиҵаз адырра ала, Акомиссиа аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны ирыхәаԥшуп  арзаҳалқәа 369. «Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа рыҟнытә иааиз арзаҳалқәа 66 рзыҳәарақәа нагӡоуп; урҭ рахьтә аӡбаралеи аӡабараҟынӡа инамгакәа рзыҳәарақәа нагӡоуп арзаҳалқәа 32; ацки даҽа нхарҭақәаки рыҭоуп арзаҳал алазҵаз 34 -ҩык; арзаҳал алазҵаз 60–ҩык ирабжьгоуп аӡбарҭахь адҵаалара; арзаҳал алазҵаз 44-ҩык иҟарҵаз азыҳәарақәа ҵаҵӷәыданы иԥхьаӡоуп; арзаҳалқәа 183 Акомиссиа алшарамчқәа ирыҵанамкуа иҟан.  Урҭ рахьтә аҳәынҭқарратә нхамҩатә фонд аҟнытә анхарҭақәа рыҭарази анхарҭатә ҭагылазаашьақәа реиӷьтәреи рзы идҵаалеит 70 –ҩык атәылауаа»,- иҳәеит Гәынба.

Акомиссиа Ахантәаҩы иара убас иазгәеиҭеит арзаҳал аҵакы Акомиссиа алшарамчқәа ирыҵанамкуа 113 ҭагылазаашьа шыҟоу – аҭаацәараҩныҵҟатәи аимакқәа – арзаҳал алазҵаз аибашьра ҟалаанӡа анхарҭа рхатәны ишыҟамыз, аурыс милаҭра змоу ахаҿқәа рыбжьара аӡбаратә усеилыргара иалахәу рыҟнытә арзаҳалқәа алазҵаз, урҭ рахьтә ақырҭуа милаҭра змоу ахаҿқәа, мамзаргьы 1992-1993 шш. Аԥсны аҳәынҭқарратәра иаҿагылаз аибашьратә хҭысқәа ирылахәыз ахаҿқәа 43-ҩык уҳәа уб.егь.  
Аилатәара иалахәыз зҿлымҳара аҭаны ирыхәаԥшит арзаҳалқәа зегьы.
Аԥсны иҟоу УА Ацҳаражәҳәаҩ Алексе Двинианин иара ихьӡала, иара убас Урыстәыла Ахада ихьӡала акомиссиа ахантәаҩы Бадра Гәынбеи акомиссиа алахәцәеи иҭабуп ҳәа реиҳәеит. «Гәык-ԥсыкала иҭабуп ҳәа иасҳәарц сҭахуп Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны адгьылҵакыраҟны урыстәыла ауааԥсыра рҭахрақәа ириҭо ахаҵгыларазы», - иҳәеит УА Ацҳаражәҳәаҩ. Уи акомиссиа алахәцәа ажәа риҭеит урыстәылатәи аган арҭ азҵаарақәа рыҟны есқьынгьы ацхыраара шыҟарҵо азы.  

Аилатәара аихшьалақәа рыла арзаҳалқәа 17 рахьтә 7 ҵаҵӷәыданы иԥхьаӡан; арзаҳалқәа хәба ҵаҵӷәы рыманы иҟоуп, урҭ рыхәҭак изыхәҭоу аҳәынҭқарратә усбарҭақәа (ААР, АШӘМ, Апрокуратура хада) рхылаԥшра рымазароуп ҳәа ирзыԥхьаӡан, арзаҳал алазҵаз ахәҩык ирабжьган аӡбарҭахь адҵаалара, мамзаргьы аӡбаратә усеилыргара ахыркәшара азыԥшра.  

Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа рмазаратә зинқәа рыӡбараан азакәанра алыршаразы Акомиссиа
аԥҵан 13.09.2010 ш. аҟнытә Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟа №304 инақәыршәаны Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа рмазаратә зинқәа рыхьчара хықәкыс иҟаҵаны.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org