Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Аҧсны жәлар Гагра ахақәиҭтәра 28 шықәса ахыҵра амш рыдиныҳәалеит

06.10.2020

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа  Аҧсны жәлари Гагра араион ауааҧсыреи Гагра ақырҭуа оккупантцәа рыҟнытә ахақәиҭтәра 28 шықәса ахыҵра амш рыдиныҳәалеит:

“Аҧсны жәлари Гагра араион ауааҧсыреи ирыдысныҳәалоит ақырҭуа қәылаҩцәа рыҟнытә Гагра ахы ақәиҭтәра Амш.
  1992 шықәса жьҭаарамза 6 рзы аҧсуа еибашьцәа Аиааира ргеит, ари ахҭыс Аҧсны ахи-аҵыхәеи аоккупантцәа ықәцаны ахақәиҭтәрала Аиааира ду агараҟны аҵак ду аман.  

Усҟан Аҧсны мраҭашәаратәи аган зегьы аҧсуаа рнапахьы иааргеит, ари акрызҵазкуаз арратәи агуманитартәи зҵаарақәа рыӡбара алнаршеит.  Мычлеи техникалеи акырӡа иҳаиҳаз аҕа, зыдгьыл ахақәиҭтәразы игылаз аҧсуа еибашьцәа дзырзымиааит.
    
Гагреи Гагра араиони рхы ақәиҭтәра амш аҽны ҳара иаҳгәалаҳаршәоит Аҧсадгьыл зхы ақәызҵаз арҧарцәа. Рыхьӡ кашәара ақәым ҳ-Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа-афырхацәа.  

Акыр иаҧсоу гаграа, ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, агәамч, аҭынчра, шәраиони Аҧсны зегьи – аизҳазыҕьара!”  


  


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org