01.10.2020
Адыгеиа Ареспублика Ахада Мураҭ Кумпилов Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аиааиреи Ахьыҧшымреи рымш идиныҳәалеит.
Иахьа ҳаиашьаратә Аҧсны акрызҵазкуа арыцхә азгәанаҭоит. Ари аныҳәа Аҧсны жәлар 1992-1993 шш. Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иргаз Аиааира иазкуп.
Ҳара ҳтәылазы акрызҵазкуа урҭ ахҭысқәа хашҭра рықәым. Адыгеиа Ареспубликаҟнытә хатәгәаҧхарала еибашьра инеиз ҳарҧарцәа аҧхьатәи амшқәа инадыркны аҧсуа жәлар ирыдгыланы агрессор иҿагылеит.
Аиааира зхы ахҭнызҵаз зықьҩыла Аҧсны аҵеицәа рыҩныҵҟа иҟоуп ҳара адыга жәлар ҳҵеицәагьы. Убарҭ ашықәсқәа рызтәи ахҭысқәа раан ҳреспубликақәа реиҩызара, реимадара еиҳагьы иҕәҕәахеит, Урыстәыла аганахьала Аҧсны Аҳәынҭқарра азхаҵара наҟ-ааҟ ҳҳәынҭқарратә еизыҟазаашьақәа рыҿиара иацхрааит.
Иахьа Аҧсны Аҳәынҭқарра аизҳазыҕьара, аполитикатә ҭышәынтәалара, аекономикатәи асоциалтәи хырхарҭақәа рыҿиара амҩа иануп.
Милаҭрацәала еилоу Адыга жәлар рыхьӡала, хаҭала сара сҟынтә атәыла Ахадеи Аҧсны ауааҧсыра зегьи гәык-ҧсыкала срыдныҳәалоит!
Ҳаиашьаратә республикаҟны иҟазааит наунагӡа аҭынчра, аҿиара, атәыла ауааҧсыра зегьы ирзеиҕьасшьоит анасыҧ, агәабзиара!