Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ҭырқәтәылатәи аҧсуа диаспора иналукааша ахаҭарнак Џьамалеҭҭин Арӡынба иҧсҭазаара иалҵра инамаданы иҭынхацәа дрыдышшылеит

01.10.2020

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ҭырқәтәылатәи аҧсуа диаспора иналукааша ахаҭарнак Џьамалеҭҭин Арӡынба иҧсҭазаара иалҵра инамаданы иҭынхацәа дрыдышшылеит


Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ҭырқәтәылатәи аҧсуа диаспора иналукааша ахаҭарнак Џьамалеҭҭин Арӡынба иҧсҭазаара иалҵра инамаданы адышшыларатә цҳамҭа дәықәиҵеит.

Адышшыларатә цҳамҭаҟны, ҷыдала,  иҳәоуп:

“Аҧсуа уаажәларра гәалсра дула ирыдыркылеит еицырдыруа аҧсуа жәлар рхаҭарнак Џьамалеҭҭин Арӡынба иҧсҭазаара иалҵра иазкыз ажәабжь.  
Ауаҩы лаша,  зыҧсадгьыл абзиабара зыҧсҭазаара иалганы иаазгоз, уи ахьаа зхьааз,  уаҵәтәи аҧеиҧш иазхәыцуаз апатриот иаша , аҳақьым ду иҧсра цәыӡ дууп ҳмилаҭ рзы.  Џьамалеҭҭин Арӡынба лассы-лассы иабацәа рыдгьыл даҭаауан. Иара иҟәыҕареи иаамысҭашәареи  ирыбзоураны  аҧсуа жәлар акыраамҭа гәыблыла дыргәаладыршәалоит.

Аҧсны Аҳәынҭқарра анапхгара рыхьӡала гәалсрыла срыдышшылоит Џьамалеҭҭин Арӡынба иҭынхацәа,  иҩызцәа, Ҭырқәтәыла инхо ҳауаажәлар зегьы.  
Иҧсы ҭынчзааит, аџьанаҭ гыларҭас Анцәа иаҭәеишьааит зыдунеи зыҧсахыз ҳашьа”.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org